Асубтропикатә лакә збо уаҩ дыҟам: аботаникатә баҳча аԥсшьаҩцәа ирзыԥшуп

Ачымазара ҿкы акоронавирус аламырҵәаразы Аԥсни Урыстәылеи рҳәаа аркуп. Аҟәатәи аботаникатә баҳча ӷәӷәала ианыԥшуеит аԥсшьаҩцәа рыҟамзаара, абаҳча атуристцәа рыбзоурала абиуџьет шьақәнаргылон.
Sputnik

Аҟәатәи аботаникатә баҳчаҿы ишәҭит хкы рацәала ашәҭқәа, аха урҭ рыԥшӡара збо маҷҩуп, Аԥсни Урыстәылеи рҳәаа ахьарку иахҟьаны аԥсшьаҩцәа ыҟам.

Аботаникатә баҳча сынтәа иахыҵуеит 180 шықәса. Абаҳча ахьӡ-аҧша ду амоуп, Кавказ аҳәаақәа ирҭыҵуеит.