Рашәара 16 рзы Аҟәа ахәҭак ӡыда иаанхоит

Аӡнеира аанкылоуп Аҟәа араион Ӡыгәҭа ақыҭан аӡымҩангагатә магистраль ахьыԥжәаз иахҟьаны.
Sputnik

АҞӘА, рашәара 16 – Sputnik. Аҟәа ахәҭак ӡыда иаанхоит аҩаша, рашәара 16 рзы 20:00 сааҭ рҟынӡа ҳәа адырра ҟанаҵеит АУН "Аӡыканал". 

Аӡнеира аанкылоуп Турбаза араион аҟны, иара убас Комсомольскаиа амҩеи, аишьцәа Занҭариаа рымҩеи, Ҷанба имҩеи рыла игылоу аҩнқәа рҿы. 

Уаанӡа  Sputnik ишазеиҭарҳәахьоу ала, аӡы лассы-лассы аанкылара азҵаара аӡбаразы комплексла аӡымҩангагақәа ԥсахтәуп. Арахь иаҵанакуеит аӡыҭгагақәа, аӡеизакырҭақәа, аӡеихшарҭақәа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: