Аԥснытәи аихамҩа абиуџьетнҭыҵтә фондқәа рҿаԥхьа 33 миллион ауал ақәуп

Аԥсны аихамҩа аиҳабы Мирон Агрба аԥыза-министр изеиҭеиҳәеит анаплакы аусура, аплантә уснагӡатәқәа, аныхрақәа, ахашәалақәа ртәы.
Sputnik

АҞӘА, рашәара 16 - Sputnik. АУН "Аԥсныеихамҩа" аиҳабы Мирон Агрба аԥыза-министр Александр Анқәаб изеиҭеиҳәеит Аԥснытәи аихамҩа абиуџьетнҭыҵтә фондқәа рҿаԥхьа 33 миллион ауал ақәуп ҳәа. Абри атәы аанацҳауеит Аминистрцәа реилазаара асаит.

"Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы еизеит аҳәынҭқарранҭыҵтә биуџьетқәа рҿаԥхьа ауал. Иахьазы уи 33 миллион мааҭ иҟоуп", - иҳәеит Агрба.

Аиҿкаара ахашәалақәа дрылацәажәо, Агрба иазгәеиҭеит акарантин аамҭазы ахашәала акыр ишылаҟәыз.

2020 шықәса рзы аиҿкаараҟны имҩаныргеит 13 700-ҩык атәылауааи 1600 еидаравагони.

2019 шықәса рзы имҩанган 7379 вагони 323 300-ҩык ауааԥсыреи.

2019 шықәса рзы ахашәала иартәеит 44 миллион 826 нызқь мааҭ.

АУН аныхратә хәҭа атәы далацәажәо, Мирон Агрба иара есышықәса аихамҩатә структура ахылаԥшреи адиагностикеи шымҩаԥнаго, аремонттә усурақәа шыҟанаҵо.

Аиԥылара хыркәшо, Александр Анқәаб иҳәеит Аԥснытәи аихамҩа абиуџьетнҭыҵтә фондқәа рҿаԥхьа ауал иақәу ашәароуп ҳәа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: