РУСДРАМ аҿы еиҭарҳәеит ахәаԥшыҩцәа рыбжьара асоциалтә дистанциа шеиҿкаахо

Рашәара 15 рзы Аԥсны иаԥыххеит амассатә, акультуратә, аспорттә, агәмырҿыӷьратә, ацәыргақәҵатә назлоу ауснагӡатәқәа рыԥкрақәа.
Sputnik

АҞӘА, рашәара 17 – Sputnik. РУСДРАМ аспектакльқәа раан ахәаԥшцәа рхыԥхьаӡара ҳармаҷуеит, асоциалтә дистанциа иазхьаԥшхоит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит атеатр адиректор Иракли Хынҭәба.

Иара иажәақәа рыла, атеатр анапхгара иазԥхьагәарҭоит спектакльк ахь 200 иреиҳамкәа абилеҭқәа рыҭира. Убри аан ахәаԥшратә зал 500-ҩык ауаа акуеит.

"Акапсултә метод ҳхы иаҳархәоит. Ахәаԥшцәа рыбжьара аҭыԥ ҭацәқәа ҟалоит. Ауаа еицны иааизар, усҟан еидтәалар алшоит. Аха урҭ ргәыԥи даҽа гәыԥки рыбжьара иҭацәызароуп. Ҳара акоронавирус алаҵәараз ашәарҭара ыҟам ҳәа иҳазшьом, убри азы ҳахәаԥшцәа ршәарҭадаразы иахәҭоу мҩаԥаагоит", - иҳәеит иара.

Хынҭәба иазгәеиҭеит аԥкрақәа рахыхра ашьҭахь раԥхьатәи аспектакль – акомедиа "Оскар" ахәаԥшцәа ишдырбахо рашәара 19 рзы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: