COVID-19 аҟынтә зҽызхәышәтәыз апациентцәа хҩык Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭантә илҩаауп

Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла Аԥсны иахьаҵанакуа акоронавирус амазааразы агәаҭара иахысит 27-ҩык.
Sputnik

АҞӘА, рашәара 18 - Sputnik. Урыстәыла зҵараҟынтә иааз акоронавирус зцәа иалаз акурсантцәа хҩык ргәы бзиаханы Гәдоуҭатәи араионтә хәшәтәырҭа хадаҟынтә илҩаауп ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб. 

Аоперштаб адыррақәа рыла, аҵыхәтәантәи уахи-ҽни рыла игәаҭаз рахьтә COVID-19 аӡәгьы идбалам.

Аԥсны зынӡа акоронавирус рыхьхьеит 38-ҩык ауааԥсыра. Урҭ рахьтә быжьҩык Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҿы ишьҭоуп, 30-ҩык ргәы бзиахеит, аӡәы лыԥсҭазаара далҵит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: