Ҟәбан рашәара 21 инаркны акарантин ахырхуеит

Ҟәбан акарантин алагалан хәажәкыра 31 рзы коронавирус иахырҟьаны. Мшаԥы 12 инаркны акарантин аҽыԥхьакратә режим ахь ииаган.
Sputnik

АҞӘА, рашәара 18 - Sputnik. Краснодартәи атәылаҿацә агубернатор Вениамин Кондратиев аҳәамҭа ҟаиҵеит арегион аҿы акарантин аԥыххоит рашәара 21 рзы ҳәа.

Шәачатәи асанаториақәа ԥшь-нызқьҩык рҟынӡа аԥсшьаҩцәа рыдыркылахьеит

"Зыԥсы зшьо рҟынтәи ичмазаҩу аӡәгьы дшьақәыргылам. Уи акәын ҳара агәҭынчымра ҳазҭоз. Рашәара иаалагазар хыҵхырҭак аарԥшым. Ус анакәха, ҳхымҩаԥгашьа иашоуп. Акарантин арегион аҿы иаԥыххоит рашәара 21 инаркны. Уаанӡатәи аԥсҭазаара етап-етапла ҳазыхынҳәуеит", - иҳәеит Кондратиев аоперштаб аилатәараан. Аилатәара ддырбон YouTube аканал ала.

Лаҵара агәҭазы атәылаҿацә анапхгара маҷ-маҷ аԥкырақәа ахырхуа аиалагеит. Лаҵара 23 рзы аҽыԥхьакра арежим дырԥсыҽит, рашәара 6 инаркны апаркқәа, аскверқәа, астадионқәа аадыртит. Аҩашаҽны агубернатор ирылеиҳәеит атәылаҿацә иаҭаауа атуристцәа рзы ахылаԥшра шырԥсыҽхо.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: