Шәачатәи асанаториақәа ԥшь-нызқьҩык рҟынӡа аԥсшьаҩцәа рыдыркылахьеит

© Sputnik / Arthur Lebedev / Амедиаҵәахырҭахь аиасраОтдыхающие на набережной в Нижнеимеретинской бухте города Сочи
Отдыхающие на набережной в Нижнеимеретинской бухте города Сочи - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Акурорт аҿы аҳаиртә, аихамҩатә еимадарақәа  еиҳа-еиҳа ирызҳауеит. Лаҵара аҵыхәтәантәи амш азы Адлертәи аҳаирбаӷәаза аҳаирпланқәа жәба аднакылазар, рашәара 16 рзы ҩынҩеижәа рҟынӡа аднакылоит.

АҞӘА, лаҵара 16- Sputnik. Шәачатәи асанаториақәа ԥшь-нызқьҩык рҟынӡа аԥсшьаҩцәа рыдыркылахьеит ҳәа аанацҳауеит акурорт ахадара асаит.

Етап-етапла русурақәа хдыртуеит асанатор-курорттә обиектқәа амедицинатә зин ҷыда рыманы. Уажәазы аԥсшьаҩцәа рыдыркылоит 29 ԥсшьарҭа. Аҽа быжьба иааиуа амшқәа рзы иаадыртраны иҟоуп. Рашәара 22 рзы акурорт аҿы зынӡа иаартхоит 40 обиект.

"Аԥсшьаҩцәа реиҳараҩык абри амчыбжь азы ҳарзыԥшуп. Иаауа ирымазароуп COVID-19 рцәа ишалами рыкәша-мыкәша авирус аӡәгьы ишимамызи рзы аршаҳаҭгақәа. Ари дара атуристцәа реиԥш ақалақь ауааԥсыра рызгьы ишәарҭадароуп", - ҳәа лҳәеит Шәача акурортқәеи атуризми рдепартамент адиректор Светлана Батиаикина.

Лара иазгәалҭеит арегион агубернатор идҵала рашәара 12 инаркны русура шалшо 50 рҟынӡа ҭыԥ змоу асасааирҭақәа. Шәача иахьаҵанакуа урҭ рҩызцәа 1600 рҟынӡа ыҟоуп.

Аперсонал роума, аԥсшьаҩцәа роума асоциалтә дистанциа апринцип иқәныҟәалароуп, ршоура ршәалароуп, асабардақәа ныҟәыргалароуп.

Рашәара 12 рзы Аслан Бжьаниа инапы аҵаиҩит аусдҵа аҳәаа ахысразы аԥкырақәа рыҿҳәара иацҵазарц, заанаҵы асасааирҭақәа рҿы аҭыԥҿаҵара азин ҟамҵазарц.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

 

Ажәабжьқәа зегьы
0