Аԥсны акоронавирус ҿыц изыхьыз аӡәгьы дыҟам

Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла акоронавирустә инфекциа рылоу ирыламу азы агәаҭарақәа ирхысит 31-ҩык ауааԥсыра.
Sputnik

АҞӘА, рашәара 19 - Sputnik. Акоронавирус адиагноз атестқәа ирхыжьыз рахьтә аӡәгьы ишиламыз шьақәырӷәӷәан, абри атәы аанацҳауеит COVID-19 аҿагыларазы аоперативтә штаб.

14-мштәи хымԥадатәи акарантин рхыганы аҟәатәи асасааирҭа "Аиҭар" аҟнытәи аҩныҟа ирышьҭаит аурыс ҵараиурҭақәа ркурсантцәа ҩыџьа.

Уажәазы асасааирҭаҟны иаанхеит быжьҩык ауааԥсыра - фҩык амедикцәеи граждантә хаҿыки.

Аԥсны иахьатәи аамҭазы авирус рыдырбалахьеит 38-ҩык. Быжьҩык Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭа иҭоуп, 30-ҩык ргәы бзиахеит, аӡәы лыԥсҭазаара далҵит.

Акоронавирус иадҳәалоу ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>