"Аԥсныавтомҩа" адиректор хада ин.н. абиуџьеттә ԥарақәа ифеит ҳәа даанкылоуп

"Аԥсныавтомҩа" адиректор хада инапынҵақәа назыгӡо Борис Ачба даанкылоуп, Аԥсны Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура Аамҭалатәи аанкыларҭаҿы дҭакуп.
Sputnik

АҞӘА, рашәара 19 - Sputnik. Аԥсны Ашәарҭадаратә маҵзура аусҭҵааратә ҟәша аусҭҵаара хацнаркит "Аԥсныавтомҩа" адиректор хада инапынҵақәа назыгӡо Борис Ачба иганахьала ҳәа аанацҳауеит Аԥсны АШәМ асаит.

"Аԥсныавтомҩа" адиректор хада абиуџьеттә ԥарақәа мцыла илхны ифеит ҳәа даанкылоуп.

Аусҭҵаара ишьақәнаргылеит Ачба жәабран 27, 2017 шықәса рзы атәыла усҟантәи ахада Рауль Ҳаџьымба ашәҟәы шизынеишьҭыз аԥсабаратә рыцҳара иахырҟьаны аиҭашьақәыргыларатә усурақәа мҩаԥгатәуп ҳәа.
Адокумент инақәыршәаны аԥсабаратә рыцҳарақәа аҭыԥ рыман 2016 шықәса жьҭаара-абҵара, 2017 шықәса ажьырныҳәа-жәабран мзақәа рзы Гәдоуҭа араион аӡиасқәа Хыԥсҭеи Ааԥсҭеи рхыҵраан.

Аԥсны АШәМ адыррала, Ачба 20 000 000 рыхәԥса аусурақәа аҭахуп ҳәа аилаӡара ԥаршеии апроект-сметатә документациа ԥаршеии шьақәиргылеит.

Ачба аилаӡара ҟаиҵеит аусбарҭеи ихыҭхәыцааз аԥҵаҩы дызмаз аилазаареи рыбжьара. Абри Иаарту акционартә еилазаара (ИАЕ) ахь ииаган иарбоу аԥарақәа. Анаҩс адокумент ԥаршеиқәа рыла аусурақәа ҟаҵазшәа идырым ахаҿы далархәны аԥарақәа аԥхьаӡамҭаҟынтә иҭыган.

Аԥсны Ашәарҭадаратә маҵзура аусҭҵааратә ҟәша рашәара 18, 2020 шықәса рзы Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭахь азыҳәашәҟәы нанашьҭит Ачба иаанкыларазы.