"Аԥсныавтомҩа" аиҳабы ин.н. ҩымз ҳәа даанкылоуп

Борис Ачба Аԥсны Ашьаустә закәанеидкыла ахәҭаҷ 16 "Еиҿкаау агәыԥ аԥара рацәаны мцҳәарыла реимҵәара" ахәҭа 4 инақәыршәаны фышықәса инаркны 12 шықәса рҟынӡа ҭакрала ахгара иқәырҵар ҟалоит.
Sputnik

АҞӘА, рашәара 19 - Sputnik. Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа ҿҳәарала нанҳәа 18, 2020 шықәсанӡа ахылаԥшра аҵаҟа дааннажьит "Аԥсныавтомҩа" аиҳабы инапынҵақәа назыгӡо Борис Ачба, абри атәы аанацҳауеит аӡбарҭа асаит.

Ахәаша, рашәара 19 рзы Апрокуратура хада ақәшаҳаҭхеит мцҳәарыла абиуџьеттә ԥарақәа еимиҵәеит ҳәа гәҩарас ирымоу Ачба иганахьала Аԥсны АШәМ ашьаус хацнаркырц.

Ашьаусҭҵаара адыррақәа рыла, Ачба, ашьаус макьана иеилнамкаац ауаа алархәны, иԥаршеиз адокументқәа еиқәыршәаны аусурақәа рымҩаԥгаразы иаҭахуп ҳәа мцҳәарыла 20 миллион абиуџьеттә ԥарақәа еимиҵәеит ҳәа гәҩарас дрымоуп.

Борис Ачба 2014 инаркны 2016 шықәсанӡа аҳәынҭқарратә еилахәыра "Аԥсныавтомҩа" ахада ихаҭыԥуаҩс дыҟан. 2016 шықәса инаркны аилахәыра деиҳабын.

1994 шықәса инаркны 2007 шықәсанӡа Аҟәа анхарҭатә усбарҭа деиҳабын, иара убас ахадара аиҳабы ихаҭыԥуаҩс дыҟан. 2007 шықәсазы Ачбеи, Аҟәа ақалақь ахада Асҭамыр Адлеибеи, афинансқәа рыҟәша аиҳабы Константин Ҭыжәбеи, анхарҭатә усбарҭа аиҳабы Давид Џьынџьали русура иамхын аҳәынҭқарратә мал еимырҵәеит ҳәа. Агәаҭарақәа рылҵшәақәа рыла Борис Ачба ҭакрадатәи ахарахгара иқәҵан.

Борис Ачба акгьы ихарам ҳәа дыԥхьаӡоуп уи ихара шьақәыргыланы азакәантә мчы аиуаанӡа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: