Арадио

Аҭоурых арҵаҩы: Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду иалахәыз аԥсуаа рҭоурых атәы зҳәо маҷуп

Аҟәа ақалақь аҵара аусбарҭа аспециалист хада, аҭоурых арҵаҩы Нонна Ханагәуаԥҳа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭалҳәеит Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду атема иахьа аҵаҩцәа ишрызнарго атәы.
Sputnik
Аҭоурых арҵаҩы: Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду иалахәыз аԥсуаа рҭоурых атәы зҳәо маҷуп

Рашәара 22, 1941 шықәса рзы иалагеит Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду.

"Ари арыцхә ашколхәыҷқәа зегьы ирдыруеит. Ари атема иахысуеит ажәеизатәи аклассқәа рҵаҩцәа. Атема азнагараҿы ҳхы иаҳархәоит аныҟәарақәагьы. Есышықәса маи 9, Аиааира Ду амш азы ахәыҷқәа аҭаауеит Идырым асолдаҭ ибаҟа. Ашкол аҩныҵҟа ауснагӡатәқәа, аицлабрақәа мҩаԥаагоит. Ари арыцхә ахамышҭра иазкуп ҳусура зегьы. Ҳхы иаҳархәоит Ԥачлиа, Ҭариа рыҭҵаарақәа. Арыцхәқәа мацара ракәым ҳазлацәажәо, аибашьра иалахәыз ҳаибашьцәа рҭоурыхгьы рзеиҭаҳҳәоит. Ашәҟәаҿы уи маҷны иануп, арҵаҩцәа аҳәара ҳамоуп ҳаибашьцәа рфырхаҵаратә мҩа иаҳагьы инарҭбааны ианырҵартә еиԥш, ианамуӡах аԥсуаа рахьынтә 22-ҩык Асовет Еидгыла Афырхацәа ҳәа зыхьыӡ ҳәоу, нас Мери Аҩӡԥҳаи рҭоурыхқәа. Аицлабрақәа анымҩаԥааго, иазгәаҭатәуп ахәыҷқәа азҿлымҳара бзиа шаадырԥшуа, уи зыбзоуроу арҵаҩы иоуп", - ҳәа азгәалҭеит Ханагәуаԥҳа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы аудио аҿы, мамзаргьы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: