Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Аиааира ду ҳзаазгаз, аҭынчра еиқәзырхаз: аишьцәа Ҟаитанаа рҭоурых иазкны

© Foto / предоставлено Тимуром Кайтан Тимур Кайтан
Тимур Кайтан  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҭемыр Ҟаитан иаб Давиди иаб иашьцәа Виктори Нестори Аџьынџьтәылатәи еибашьра Ду иалахәын. Урҭ реибашьратә мҩа атәы еиҭеиҳәеит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.
Аиааира ду ҳзаазгаз, аҭынчра еиқәзырхаз: аишьцәа Ҟаитанаа рҭоурых иазкны

"Ԥшьҩык аишьцәа ыҟан, хҩык аибашьра иалахәын. Лыхны ақыҭа иалҵит дара. Аиҳабы Виктор аибашьра ианалгоз 38 шықәса ихыҵуан. Рацәак дзымеибашьит, имгәа иақәшәаз ахы иахҟьаны, аҩныҟа ддыргьежит. Агәыбжьанытә - Нестор аибашьра иалагаанӡа аррамаҵзура ихигон, уа дшыҟаз ауп аибашьрагьы дшыргаз. Акавалериа далан. 1942 шықәса рзы Смоленск аобласт аҿы ицоз аидысларақәа раан дҭахоит. Саб иахь иааит ашәҟәы еиқәҵәа иԥсадгьыл ахьчараан гәымшәарала дышҭахаз атәы зҳәоз. Уи ашьҭахь саб Давидгьы еибашьра дцеит. Усҟан иара 17 шықәса ракәын ихыҵуаз, аха арратә комиссараит аҿы 18 шықәса схыҵуеит ҳәа ижьеит. Иара аҩбатәи абелоруссиатә фронт дақәшоит. Зны ахысыҩцәа ркурс далгоит, уи ашьҭахь апулемиоттә расчет аҿы сержантс дҟалоит. Ахәрақәа рацәаны иоухьан, ихы инаркны ишьапаҟынӡа ахы дарганы дыҟан. Аԥшыхәцәа ргәыԥ аҿы даныҟаз аамҭазы,1943 шықәса рзы адҵа нагӡаны ианыгьежьуаз ишьапы ахәра ӷәӷәа иуит, аа-мзы агоспиталь аҿы дышьҭан. Нас, ишьапы данықәгыла ауп аҩныҟа даноурышьҭ. Иара даара игәы иалан ҳаибашьраан ақырҭқәа ҳаҩны иҩналаны имаз аҳамҭақәеи амедалқәеи зегьы ахьыргаз. Саб иашьа Нестор хаҭала дахьамадоу ҳәа адырра ҳамам, аха иҳауз ашәҟәаҿы иаҳәоит: иара аибашьра ашьҭахь азеиԥш ԥсыжырҭаҿы дамадоуп ҳәа. Саб иԥсҭазаара даналҵ ашьҭахь есышықәса Аиааира ду амшныҳәа аҽны иҳаҭгәын ахь ҳнеиуеит, ус иаԥшьган иҳамоуп шьҭа", - ҳәа еиҭеиҳәеит Ҭемыр Ҟаитан.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0