Асклад ахь иҳашьҭит: апарк "Алакә" аҟны иҵарсыз ателеграф шьаҟақәа рҭоурых

Апарк "Алакә" аҿы арԥшӡаратә усурақәа ирылагеит рашәарамза алагамҭазы.
Sputnik

АҞӘА, рашәара 22 – Sputnik. Апарк "Алакә" аҿы Индоевропатәи ателеграф ашьаҟақәа ыҵырхит, уажәы дара шьҭарҵоит АУН "Автонхамҩаҷыда" асклад аҿы ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит АУН "Аиқәыршәазаара" аиҳабы Саид Кәыр-иԥа.

Индоевропатәи ателеграфтә цәаҳәа ашьаҟақәа Аҟәа игылоуп

Индоевропатәи ателеграф ашьаҟақәа рҭыԥахь идыргьыжьуоу-идмыргьыжьуоу Саид Кәыр-иԥа издырам, уи ақалақь ахадара аус здырулаз ареконструкциа иахьырԥшхоит.

"Ашьаҟақәа шыҟаз иаанхо-иаанымхо сыздырам. Иҟалап, амузеи иарҭар? Ҳәарада, урҭ ркажьра аӡәгьы игәы иҭам", - азгәеиҭеит Кәыр-иԥа.

Уажәазы урҭ акакала рыҵхра иаҿуп иҳәеит иара.

"Апарк ареконструкциа азухоит. Аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ирылагоит. Иахьазы апарк аҵакыра арыцқьара иаҿуп", - ҳәа азгәеиҭеит иара.

Ателеграф цәаҳәа Лондон – Калькутта алгара афирма Siemens имҩаԥнагеит Британиатәи аимпериа иҟанаҵаз аҿаҵала. Иара мҩаԥган аимпериа XIX ашәышықәсазы Индиа имҩаԥысуаз ақәгыларақәа ахьазымхәаҽуаз иахырҟьаны. Аколониа анапхгара уадаҩхеит аимпериа аҳҭнықалақь аҟынтәи иаарласны адҵаҟаҵарада. Акралԥҳәыс Викториа дақәшаҳаҭхеит 10 000 километр инаӡоз ацәаҳәа амҩангара. 1867 шықәса абҵарамзазы ацәаҳәа мҩаныргон Ҟрым, Ҟәбан, Аԥсны, Қырҭтәыла, Ермантәыла рыдгьылҵакыра иалганы.

Асклад ахь иҳашьҭит: апарк "Алакә" аҟны иҵарсыз ателеграф шьаҟақәа рҭоурых

Вернер фон Сименс аусурақәа ахьцоз аҭыԥқәа дырҭаауан. Дыҟан Аԥсынгьы. Анзор Агәмаа ишәҟәы "Старый Сухум" аҟны иарбоуп Сименс иахьатәи амҩаду "Аидгылара" ахьыҟоу аҭыԥ аҿы адгьыл шааихәаз, нас, 1869 шықәса рзы Индоевропатәи ателеграф аусҳәарҭа ширгылаз.

1877–1879 шықәсқәа рзы аурыс-аҭырқәа еибашьраан аусҳәарҭа рбган, ашьаҟақәа ыҵхын, ацәаҳәақәагьы ԥыҵәҵәан.

1912 шықәса рзы Ҷоҷуа имҩаҿы аусҳәарҭа ахыбра ҿыц шьақәыргылан. Иахьазы иара архитектуратә баҟаны ишьоуп.

Асклад ахь иҳашьҭит: апарк "Алакә" аҟны иҵарсыз ателеграф шьаҟақәа рҭоурых