Аԥснытәи атанкистцәа Адыгатәи аполигон аҿы "аӷа" дыршьаҽит

Атанкқәа рекипажқәа ахархәара рырҭоит иҿыцу 125-миллиметр иҟоу аснариадқәеи атанк иаҿагыло аракетақәеи.
Sputnik

АҞӘА, рашәара 22 - Sputnik. Аԥсны иҟоу Урыстәыла Аладатәи арратә округ атанкныҟәцаратә ҟәша аруаа аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргоит Адыгатәыла иҟоу аполигон Маиҟәаԥтәи аҿы ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла Аладатәи арратә округ апресс-маҵзура.

Аруаа атанкқәа Т-72Б3 рҟынтәи еиҭаҵуа ацәҟьарақәа ирықәкны ихыслоит. Бжьаратәла ацәҟьара аҟынӡа ҩ-километрак бжьоуп.

Атанкқәа рырныҟәцаҩцәа иара убасгьы еиуеиԥшым аԥынгылақәа ирхысроуп: аҭыжаарақәа, аиҩхаақәа, амина ахьыҵоу адәқәа, ацҳақәа.

Апресс-маҵзураҿы ирҳәоит адҵақәа реиҳарак рынагӡара аҵх иалыршаны имҩаԥыргароуп ҳәа.

Зынӡа ауснагӡатә иалахәуп 100-ҩык атанкистцәеи 40 ак рҟынӡа акәылӡы зқәу атехникеи.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: