Икәеицеиуа аргәыцқәа: Аԥсны абаҳчамаахыр шҿырхуа

Очамчыра араион Аракьаҿы ақыҭан инхо Едуард Кесиан хәышықәса ирықәуп абаҳчамаахыр ааӡара инапы алакуижьҭеи.
Sputnik

Едуард Кесиан абаҳчамаахыр аарыхра далагеит хышә-шьап рыла, иахьазы 1200 шьапы имоуп. Аргәыцқәа ианаамҭоу х-тоннак рҟынӡа рыҟәшәоит.

Абаҳчамаахыр еиҳарак изыҟәшәо аҳәса роуп. Ҽнак 300 кьыла рҟынӡа еизыргоит, кьылак аҟәшәаразы 25 минуҭ аҭахуп. Абаҳчамаахыр кьылак 150 мааҭ иаԥсоуп. Абжьахәаахәҭыҩцәа  200-250 мааҭ ҳәа ирҭиуеит.