Путин аҽазныкгьы хадас икандидатура ақәыргылара шалшо далацәажәеит

Урыстәыла Аконституциахь ариашарақәа рзы абжьыҭара мҩаԥысраны иҟоуп ԥхынгәы 1 азы. Абжьыҭаратә ҭыԥқәа аартхоит шәкы инарзынаԥшу атәылақәа рҿы.
Sputnik

АҞӘА, рашәара 22 - Sputnik. Урыстәыла ахада Владимир Путин, Урыстәыла Аконституциахь ариашарақәа рыдыркылар, аҽазныкгьы ахадас аҟаларазы изин ихы иаирхәар ҟалоит.

"Сара схазы ӡбамҭак сыдсымкылацт. Аконституциала уи аҩыза азин соуазар, сахәаԥшып", - иҳәеит иара аканал "Россия 1" аефир аҿы.

Урыстәыла ахада Владимир Путин Аконституциахь ариашарақәа ахҳәаа рыҭо иҳәеит аҽа ҿҳәарак азы икандидатура ықәимыргылар, шықәсык-ҩышықәса рышьҭахь иҭыԥ аҿы аҽаӡәы иқәыргылара ишашьҭало аусура ацынхәрас.

Урыстәыла Аконституциа ариашарақәа рзы абжьыҭара ҟалоит ԥхынгәы 1 азы

"Иаартны имӡакәаны исҳәоит. Усеиԥш ҟамлар, ҭынч аусура ацынхәрас еиуеиԥшым аҩаӡарақәа рҿы сҭыԥ аанкыларазы ахәыцра иалагоит", - иҳәеит Путин.

Иара иазгәеиҭеит: "Ашьҭрақәлаҩ иԥшаара акәымкәа аусуроуп иаҭаху", - ҳәа.

Аԥсны иахьаҵанакуа Урыстәыла Аконституциа аԥсахрақәа ралагаларазы абжьыҭара мҩаԥгахоит ԥхынгәы 1 азы, Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа ахыбраҿы (Аҟәа, Лакоба 45). Абри атәы Facebook аҿы иаанацҳауеит Ацҳаражәҳәарҭа.

Аконституциахь аԥсахрақәа рзы ариашарақәа ртекст нагӡа азеиԥшурыстәылатә бжьыҭара асаит аҿы шәахәаԥшыр ҟалоит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: