Аԥсынгьы иалшоит Урыстәыла Аконституциа аԥсахрақәа ралагаларазы абжьыҭара

© Sputnik / Сергей Аверин / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВыдача российских паспортов гражданам ДНР и ЛНР
Выдача российских паспортов гражданам ДНР и ЛНР - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәылатәи Афедерациа Аконституциа аԥсахрақәа ралагаларазы абжьыҭаратә ҭыԥқәа аартхоит атәылақәа шәкы рҟны.

АҞӘА, рашәара 17 - Sputnik. Аԥсны иахьаҵанакуа Урыстәыла Аконституциа аԥсахрақәа ралагаларазы абжьыҭара мҩаԥгахоит ԥхынгәы 1 азы, Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа ахыбраҿы (Аҟәа, Лакоба 45). Абри атәы Facebook аҿы Ацҳаражәҳәарҭа иаанацҳауеит.

Ишазгәаҭоу ала, абжьыҭара мҩаԥгахоит иахәҭоу ахыхьчаратә уснагӡатәқәа инарықәыршәаны.

Абжьыҭарахь инаԥхьоуп иааиԥмырҟьаӡакәа ма аамҭала Аԥсны инхо Урыстәыла атәылауаа.

Аҳәаанырцә иҟоу Москвеи Нижнегородтәи аобласти руааԥсыра алшара рымоуп аелектронтә бжьыҭара амҩаԥгаразы. Уи азы Аҳәынҭмаҵзура асаит ахь азыҳәа нашьҭтәуп. Азыҳәақәа рынашьҭра алшоит рашәара 21 иахымгакәа.

Иахьҭаҩу акәымкәа даҽаџьара зыбжьы азҭар зҭаху Урыстәыла ауааԥсыра ирылшоит заанаҵы азыҳәа нашьҭны ирҭаху абжьыҭаратә ҭыԥ аҿы рыбжьы арҭарц.

Аконституциахь аԥсахрақәа рзы ариашарақәа ртекст нагӡа азеиԥшурыстәылатә бжьыҭара асаит аҿы адырра ҟалоит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0