Арадио

Ҵлаииа: аҭоурых аицакра иаԥынгылатәуп, ииашан иҭҵаалатәуп

Рашәара 22, 1941 шыкәса рзы иалагеит Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду. Агәалашәаратә мшы аҳаҭыраз Аԥсны ауснагӡатәқәа азгәаҭоуп. Аҭоурыхҭҵааҩ Геннади Ҵлаииа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит аибашьра алагара азԥхьаҭагылазаашьақәас иамаз, насгьы аҭоурых аицакра шыҟамло атәы.
Sputnik
Ҵлаииа: аҭоурых аицакра иаԥынгылатәуп, ииашан иҭҵаалатәуп

"Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду адунеи жәларбжьаратәи аибашьра иахәҭакуп. Германиа актәи адунеизегьтәи аибашьра ашьҭахь ҳәынҭқарра рыцҳан, дара ацхыраара рызҭоз мраҭашәаратәи аҳәынҭқаррақәа роуп - Еиду Америкатәи аштатқәа, Британиа Ду, Франциа. Европатәи аҳәынҭқаррақәа зегьы ирдыруан Германиа аҽзарӷәӷәоз, аха ҿырҭӡомызт. Асовет Еидгыла адәныҟатәи аусқәа рминистр иазгәаиҭахьан Германиа ашәарҭара шацу, уи шаанкылатәу. Аҭагылазаашьа аҩбатәи адунеизегьтәи аибашьрахь ахы шархо атәы анырҳәоз егьырҭ атәылақәа зегьы рыбла адыркуан. Аибашьра ианалага Америкеи Британиа Дуи Гитлер иҿагылар акәхеит, аха даргьы ашьшьыҳәа акәын ари азҵаара ишазнеиуаз. Еиҳарак, ари аибашьраҿы ааха зауз Асовет ҳәынҭқарроуп, уи ауп аибашьраҿы аиааиара згаз ҳәынҭқарраны изалкаау. Аԥсуаа ҳзы ари аибашьра аҟынтә ихнымҳәыз 17 нызықьҩык даара иаҳнырит. Убри аҟнытә иахьа аҭоурых аицакра ицо уи ԥынгыла аҭатәуп, аҭоурых ииашан иҭҵаалатәуп", - ҳәа азгәеиҭеит Ҵлаииа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы аудио аҿы, мамзаргьы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: