Рашәара 24 рзы урыстәылатәи аруаа Аԥсны амҩақәа ашәа ҳәо ирнысуеит

Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аамҭазтәи аформа рышәҵаны, Аиааира абираҟ кны, арратә ашәақәа ҳәо Гәдоуҭа араион иалсуеит аррамаҵзурауаа.
Sputnik

АҞӘА, рашәара 23 - Sputnik. Аԥсны иҟоу Урыстәыла Аладатәи арратә база аррамаҵзурауаа Аиааира ду 75 шықәса ахыҵра ахьӡала аидарамҩангага машьынақәа ирынгыланы, арратә ашәақәа ҳәо Аԥсны амҩадуқәа ирнысуеит. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны иҟоу Урыстәыла Аладатәи арратә база апресс-маҵзура.

Автомашьына КамАЗ Гәдоуҭа араион амҩадуқәа рахь икылсуеит рашәара 24 асааҭ 09:00 рзы.

Аруаа ррепертуар иалоуп еицырдыруа ашәақәа: "Жди меня", "В лесу прифронтовом", "Вечер на рейде", "День Победы", "Вот солдаты идут".

Урыстәыла ахада Владимир Путин иусԥҟала рашәара 24 рзы Москва имҩаԥысуеит Аиааира апарад.

Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҟны аиааира иазку апарад есышықәса лаҵара 9 рзы имҩаԥысуан, аха сынтәа акоронавирустә пандемиа иахырҟьаны аиҭакрақәа ҟалеит.

Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Москваҟа дцеит ааԥхьара иманы аныҳәатә уснагӡатәқәа ихы рылаирхәырц азы.