Абираҟ аԥшшәыхәқәа рыла: Аиааира Ду апарад аҳаиртә хәҭа

Москва, Ашҭа ҟаԥшь аҟны ихыркәшахеит Аџьынџьтәылатә еибашьраҟны Аиааира 75 шықәса ахыҵра иазкыз апарад. Сынтәа иара мҩаԥган рашәарамза 24 рзы, ари аҽны - 75 шықәса раԥхьа, 1945 шықәсазы имҩаԥган раԥхьатәи аҭоурыхтә парад.
Sputnik

Москва, Ашҭа ҟаԥшь аҟны ихыркәшахеит Аџьынџьтәылатә еибашьраҟны Аиааира 75 шықәса ахыҵра иазкыз апарад.

Ашҭа ҟаԥшь аҿы Аиааира апарад иалахәын 14 нызқьҩык аруаа, 234 ак арратә техника.

Апарад аҳаиртә хәҭа хдыркәшеит ажәыларатә ҳаирпланқәа Су-25. Урҭ москватәи ажәҩан Урыстәыла абираҟ аԥшшәыхәқәа рыла ирҩычеит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: