Асовет жәлар рфырхаҵара анаӡаӡатәразы: Аиааира апарадқәа рыҽшырԥсахуаз

© Владимир Родионов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПразднование 50-летия Победы советского народа в Великой Отечественной войне 1941-1945 года. На Красной площади состоялся парад, в котором приняли участие ветераны 10 фронтов.
Празднование 50-летия Победы советского народа в Великой Отечественной войне 1941-1945 года. На Красной площади состоялся парад, в котором приняли участие ветераны 10 фронтов. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Москва, Ашҭа ҟаԥшь аҟны раԥхьатәи Аиааира апарад мҩаԥган рашәара 24, 1945 шықәса рзы. Абри ашьҭахь, 1995 шықәсанӡа апарадқәа мҩаԥыргон лаҵара 9 рзы, аиубилеитә шықәсқәа – 1965, 1985, 1990 раан.

Лаҵара 9 рзы азеиԥшмилаҭтә ныҳәа – Аиааира амш азгәарҭоит афедералтә закәан (лаҵара 19 1995ш.) "1941-1945 шықәсқәа рызтәи Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аҟны Асовет жәлар риааира анаӡаӡатәразы" инақәыршәаны есышықәса Урыстәылатәи афедерациа аҳҭнықалақь Москва иара убасгьы ақалақь-фырхацәа, арратә округқәа ахьыҟоу ақалақьқәа ахьыҟоу имҩаԥысуеит арратә парадқәа. Дара мҩаԥыргоит арратә техника адԥхьаланы, аиааира асимвол – Аиааира абираҟ ахкьыԥхьаа ахархәарала.

Церемониальный марш сводных полков фронтов на Красной площади 24 июня 1945 года. Фотоиз книги История Великой Отечественной войны, том 5, стр. 361. - Sputnik Аҧсны
Афашист иеилаԥыххаара иадыргахаз: раԥхьатәи Аиааира Апарад аҭоурых

Москва, Ашҭа ҟаԥшь аҟны раԥхьатәи Аиааира апарад мҩаԥган рашәара 24, 1945 шықәса рзы. Абри ашьҭахь, 1995 шықәсанӡа апарадқәа мҩаԥыргон лаҵара 9 рзы, аиубилеитә шықәсқәа – 1965, 1985, 1990 раан. Лаҵара 9, 1995 шықәса рзы Москва имҩаԥгаз апарад ҩ-хәҭакны ишьақәгылан. Ашҭа ҟаԥшь иқәсит аибашьра алахәылацәа, атыл аусзуҩцәа Москватәи агарнизон рыцны. Ауснагӡатә ахь икылган Аиааира абираҟ. Апарад аҩбатәи ахәҭа мҩаԥган Поклоннаиа ашьхаҿ. 1996 шықәса рынахыс арратә парадқәа рымҩаԥгара иалагеит есышықәса Ашҭа ҟаԥшь аҿы, аха арратә техника аламырхәыкәа.

Лаҵара 9, 2000 шықәса рзтәи апарад аибашьра аветеранцәа злархәны имҩаԥгаз ҵыхәтәантәи парадхеит. 2001 шықәса раахыс дара атрибунаҿ асасцәа рыгәҭа итәоуп. 2001 шықәсазтәи апарад егьырҭ апарадқәа излареиԥшымыз уи ауп – раԥхьаӡа акәны издызкылоз Атәылахьчара аминистр граждантә хаҿын. 2002 шықәса рзы апарадтә расчиот иалархәын Урыстәыла Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра аграждантә хьчара Академиа аҵаҩцәа.

© Sputnik / Василий Малышев / Амедиаҵәахырҭахь аиасра1941-1945 шш. рызтәи Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аан афашисттә Германиа иаҿагыланы Аиааира 20 шықәса ахыҵра иазку арратә парад. В.И.Ленин Имавзолеи атрибунаҿы (армарахьтә арӷьарахь): К.Е.Ворошилов, Н.М.Шверник, А.И.Микоиан, Р.Я.Малиновски, Л.И.Брежнев, А.Н.Косыгин.
Асовет жәлар рфырхаҵара анаӡаӡатәразы: Аиааира апарадқәа рыҽшырԥсахуаз - Sputnik Аҧсны
1941-1945 шш. рызтәи Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аан афашисттә Германиа иаҿагыланы Аиааира 20 шықәса ахыҵра иазку арратә парад. В.И.Ленин Имавзолеи атрибунаҿы (армарахьтә арӷьарахь): К.Е.Ворошилов, Н.М.Шверник, А.И.Микоиан, Р.Я.Малиновски, Л.И.Брежнев, А.Н.Косыгин.

Лаҵара 9, 2005 шықәса рзы Аџьынџьтәылатә еибашьраҟны Аиааира 60 шықәса ахыҵра азтәи ауснагӡатәқәа ирылахәын ЕАА ахада Џьорџь Буш, Франциа ахада Жак Ширак, ФРГ аканцлер Герхард Шредер. Ауснагӡатәқәа рҭоурыхтә хәҭа иалагӡаны ашҭа иқәсит аршьаҟауаа, акәылӡтәы техника ар, АМФ ар, акавалериа – Аибашьра ду аруаа рцәамаҭәала еилаҳәаны. 1945 шықәса раахыс раԥхьаӡа акәны Ашҭа ҟаԥшь акинологцәа алақәа рыманы.

Абри ашьҭахь Аибашьра ду аштандартқәа жәаба рыҵаҟа ииасит усҟантәи аамҭазтәи амашьынақәа 130, ҷыдала автозавод "ЗиЛ", аҟны иҭыжьыз 2,6 нызқьҩык аибашьра аветеранцәа. Арратә ҟәшақәа рыиасра мҩаԥысуан Аџьынџьтәылатә еибашьара аамҭазтәи амузыкеи ашәақәеи рҳәарала. Апарад ахыркәшамҭаз Ашҭа ҟаԥшь иахаԥыруан авиациатә гәыԥ "Русские Витязи", "Стрижи". Аҵыхәтәан, 30 секунд рыбжьаҵаны имҩанысит ажәыларатә гәыԥ Су-25. Ажәҩан Урыстәыла абираҟ аԥшшәыхәқәа рыла ихыркын.

Лаҵара 9, 1945 шықәса ашьыжь Ашҭа Ҟаԥшь аҟны - Sputnik Аҧсны
Асовет жәлар ргәырӷьара: Аиааира Ду маи 9, 1945 шықәсазы Москва ишаԥылаз

2005 шықәса рзы раԥхьаӡа акәны апарад амҩаԥгараан рхы иадырхәеит Атәылахьчара аминистр имашьынаҟынтә, аветеранцәа мҩанызгоз амашьынаҟынтә, аҳаирпланқәа рҟынтәҵәҟьагьы асахьақәа узырбоз амобилтә камерақәа. 2006 шықәса рзы раԥхьаӡа акәны апарад иалахәын аилаӡаратә маҵзура асолдаҭцәеи амшынуааи. 2007 шықәса инаркны адиктор ибжьы ателехәаԥшцәеи арадиозыӡырыҩцәеи рзы мацара акәымкәа Ашҭаҿы иҟоугьы ираҳауа иҟалеит.

Урыстәыла ахада иӡбарала 2008 шықәса раахыс ихацыркхеит арратә техника Апарад ралархәра. Иара хы-хәҭакны еихшахеит: ашьаҟатә, амеханикатә, аҳауатә. Лаҵара 9, 2008 шықәсазтәи апарад аҷыдарақәа аман. Урҭ иреиуоуп апарад алахәылацәа аформа ҿыц ала рымҩанысра, абираҟ ҿыцқәа рымҩангара. Уи адагьы агәыԥқәа "Русские Витязи", "Стрижи" рыдагьы, апарад иалахәын авертолиотқәа, абомбакажьгақәа, анырҵәагақәа, ажәылагақәа, астратегиатә арра-транспорттә ҳаирплан Ан-124 "Руслан". Апарад аамҭа 40 минуҭ иацлеит.

Аиааира 65 шықәса ахыҵраан, 2010 шықәса рзы Ашҭа ҟаԥшь аҿы апарад инарҭбааӡан имҩаԥган. Апарад аҭоурыхтә хәҭаҿы раԥхьаӡа акәны рхы аладырхәит ИАР атәылақәеи Гитлер иҿагылаз акоалициа атәылақәеи рхаҭарнакцәа. Зынӡа Ашҭа ҟаԥшь иқәсит зықьҩык инарзынаԥшуа аҳәаанырцә аруаа. Москваҟа иааит ИАР атәылақәа жәаба рыруааи ЕАА, Британиа ду, Франциа, Польша рпарадтә ҟәшақәеи. Апарад иалахәын афранцыз ескадрилиа "Нормандиа-Немани" америкатәи аршьаҟауааи. Дара Ельба аӡиас ахықәан аиқәшәареи Аҩбатәи афронт аартреи рҭоурых иадҳәалоуп. Британиа ду ахьӡала иқәгылан Уельсктәи аполк агвардиа. Польша апарад ахь иаанашьҭит аҳаҭыртә караул арота.

© Sputnik / Вячеслав Рунов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАиааира Ду 30 шықәса ахыҵра азгәаҭараан Ашҭа ҟаԥшь аҿы апарад иалахәыз аветеранцәа
Асовет жәлар рфырхаҵара анаӡаӡатәразы: Аиааира апарадқәа рыҽшырԥсахуаз - Sputnik Аҧсны
Аиааира Ду 30 шықәса ахыҵра азгәаҭараан Ашҭа ҟаԥшь аҿы апарад иалахәыз аветеранцәа

Апарад аан аветеранцәа, москваа, аҳҭнықалақь асасцәа ирбар рылшеит иҿыцӡоу аракетатә комплексқәа "Панцирь-С1", "Тополь-М". Аҳаиртә ар рекипажқәа москватәи ажәҩан Урыстәыла абираҟ аԥшшәыхәқәа рыла идырԥшӡон. Аҳаирпланқәа Су-25, МиГ-29 ашҭа иахыԥраауан арыцхә "65" ҳәа аарԥшуа. 2010 шықәса рзы 1945 шықәса раахыс раԥхьаӡа акәны апарад иалахәын суворовааи нахимовааи. 2011 шықәса рзы апарад аҿы аруаа ықәсит апарадтә форма акәымкәа есҽынтәи рымаҭәала. 2012 шықәсазы апарадтә форма рышәноуп ишықәсыз.

2013 шықәсазы еиҭахгьы апарад иаладырхәит суворовааи нахимовааи. Иара убасгьы раԥхьаӡа акәны иалахәын Аксаитәи аказақцәа ркадеттә корпус аҵаҩцәа (Ростовтәи аобласт). 2015 шықәсазтәи апарад Аиааира 70 шықәса ахыҵра иазкын. Иара иаҭааит 30-ҩык рҟынӡа аҳәаанырцәтәылақәа рхадацәа. Ауснагӡатә иалахәын 15нызқьҩык. Раԥхьаӡаа кәны апарад иалахәын акадеттә ашкол-интернат "Московского пансиона государственных воспитанниц" ааӡамҭацәа, аҭыԥҳацәа. Урыстәылатәи аруаа рыдагьы ауснагӡатә иалахәын Азербаиџьан, Ермантәыла, Белоруссиа, Ҟазахсҭан, Киргизиа, Таџьикисҭан, Индиа, Монголиа, Сербиа, Китаи рпарадтә расчотқәа.

Апарад иалахәын 200 ак арратә техника, иҿыцӡоу арныҟәагақәа "Армат", "Курганц", "Бумеранг" артиллериатә гаубица "Коалиция-СВ" уҳәа реиԥш иҟоу.

2016 шықәса рзы апарадқәа рҭоурых аҿы раԥхьаӡа акәны Ашҭа ҟаԥшь иқәсит Урыстәыла Атәылахьчара арратә университет аррамаҵзурауаа – аҳәса рполки А.В. Хрулев ихьӡ зху аматериал-техникатә еиқәыршәара Арратә академиа Вольсктәи афилиал аҵаҩцәа. Урҭ рыдагьы – Аҳаир-космостә мчрақәеи Амилаҭтә гвардиеи.

Ауснагӡатә алахәылацәа идырбан арра-транспорттә ҳаирплан Ил-76МД90А. атактикатә гәыԥ "Крыло" аҳәаақәа ирҭагӡаны идырбан Су-35С. 2017 шықәса рзы апарад иалахәын раԥхьаӡа акәны арра-патриоттә еиҿкаара "Юнармия". Атәылахьчара аминистрра арра-парадтә расчиот аҳәса ргәыԥ еилаҳәан абас: жәҩангәыԥшшәыла акьаҿқәа, аиԥка шкәакәақәа, амагә еиқәаҵәақәа.

Уаанӡа аҳәса ррасчиотқәа шкәакәа маҭәала еиларҳәон. Раԥхьаӡа акәны идырбан арктикатәи агәыԥ азы иаԥҵаз азенит-ракетатә комплекс "Тор-М2ДТи" азенит ракета-бзарбзантә комплекс "Панцирь-СА, акәылӡтәы автомашьына "Тигр-М", атанкқәа Т-72Б3М.

© Sputnik / Владимир Родионов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАиааира Ду 50 шықәса ахыҵра азгәаҭараан Ашҭа ҟаԥшь аҿы имҩаԥысыз апарад
Асовет жәлар рфырхаҵара анаӡаӡатәразы: Аиааира апарадқәа рыҽшырԥсахуаз - Sputnik Аҧсны
Аиааира Ду 50 шықәса ахыҵра азгәаҭараан Ашҭа ҟаԥшь аҿы имҩаԥысыз апарад

2018 шықәса рзы раԥхьаӡа акәны апарад иалахәын Нахимовтәи арра-мшынтә ҵараиурҭа ааӡамҭацәа, (Севастополь), Росгвардиа Москватәи акадеттә ҵараиурҭа ааӡамҭацәа, Смоленсктәи арратә академиа акадетцәа, Росгвардиа Саратовтәи аинститути Арратә полициеи рпарадтә расчиотқәа. Ашҭа иқәсыз арратә техника иалан аминаҵхразы ароботтә комплексқәа –"Уран-6", адронқәа "Уран-9", аԥырҩы дызҭам аппаратқәа "Катрани" "Корсари", атанкқәа ирыдгыло (БМПТ) "Терминатор-2". Апарад иалахәын 75 авиациатә екипаж –МиГ-31К, аракетақәа "Кинжал" зықәгыло аҳаирпланқәа Су-57.

2019 шықәса рзы раԥхьаӡа акәны иӡырган алимузин Aurus иақәгылоу акабриолет, аныҳәатә маршқәа рзы ҷыдала иҭыжьыз.

© Sputnik / О. Иванов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАшҭа ҟаԥшь аҿы арратә парад
Асовет жәлар рфырхаҵара анаӡаӡатәразы: Аиааира апарадқәа рыҽшырԥсахуаз - Sputnik Аҧсны
Ашҭа ҟаԥшь аҿы арратә парад

Арҭ автомашьынақәа рыла арасчиотқәа раԥхьа имҩасит апарад адҵаҟаҵаҩи уи здызкылоз Атәылахьчара аминистри. Раԥхьаӡа акәны апарад иалахәын Кикот ихьӡ зху Урыстәыла ААР Москватәи ауниверситет аррамаҵзурауаа – аҳәса, амаршал Жуков ихьӡ зху Арра-космостә хьчара Арратә академиеи Александр Невски ихьӡ зху Ашьаусҭҵааратә еилакы акадеттә корпуси рпарадтә расчиотқәа; Риазантәи адесанттә ҵараиурҭа, 131-тәи апарашут-десанттә полки 2-тәи амотохысратә дивизиеи.

2019 шықәса рзы аҳауатә хәҭа мҩаԥгамызт амшцәгьа иахҟьаны.

© Видео Sputnik Аиааира 75 шықәса ахыҵра иазку рашәара 24, 2020 шықәсазы имҩаԥысыз арратә парад
Асовет жәлар рфырхаҵара анаӡаӡатәразы: Аиааира апарадқәа рыҽшырԥсахуаз - Sputnik Аҧсны
Аиааира 75 шықәса ахыҵра иазку рашәара 24, 2020 шықәсазы имҩаԥысыз арратә парад

2020 шықәса рзы Владимир Путин Аиааира 75 шықәса ахыҵра апарад ауснагӡатәқәа рыҿҳәара иахигеит аепидемиологиатә ҭагылазаашьа инадҳәаланы. Лаҵара 9 рзы Урыстәыла ақалақьқәа рҿы имҩаԥган авиапарадқәеи аныҳәатә салиутқәеи. Лаҵара анҵәамҭазы ахада алаҳәара ҟаиҵеит Аиааира апарад рашәара 24 рзы имҩаԥгахоит ҳәа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0