Аиааира Ду аҳаҭыраз: Ашҭа ҟаԥшь аҿы апарад шымҩаԥысыз

Sputnik

Ашҭа ҟаԥшь аҿы Аиааира Ду апарад иалахәын 14 нызқьҩык аруаа, 234 ак арратә техника, 13 тәыла рыруаа.

Апарад хыркәшан авиациа: адесант-транспорттә вертолиот Ми-26, арратә вертолиотқәа Ми-8 ԥшьба, авертолиотқәа Ми-35 ргәыԥ, арра-транспорттә вертолиотқәа Ка-52, аҳаирпланқәа Ми-28 А-50, Ил-76, Ту-95, Ту-22, Ту-160, Ил-78 ахыԥрааны. Анаҩс аоператив-тактикатә авиациа аҳаирпланқәа ргәыԥ МиГ-29, Су-24; ажәыларатә ҳаирпланқәа ԥшьба Су-57, абжьы аасҭа иццаку авиациатә ракетатә комплекс "Кинжал" зықәгылоу аҳаирпланқәа МиГ-31 москватәи ажәҩан иаҵаԥыруан.

Апарад ашьҭахь Владимир Путини Москваҟа инеиз аҳәаанырцә ҳәынҭқаррақәа рхадацәеи Александровтәи абаҳчаҿ Идырым асолдаҭ инышәынҭра аҿаԥхьа ашәҭшьыҵәрақәа рышьҭаҵарахь инеит.

Аԥсуа делегациа напхгара аиҭоит Аԥсны аҳәынҭқарра ахада Аслан Бжьаниа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

1 / 27
Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҿы Аиааира 75 шықәса ахыҵра аҳаҭыраз Ашҭа ҟаԥшь аҿы имҩаԥган арратә парад.
2 / 27
Аруаа қәыԥшцәа Аиааира Ду апарад аҟны.
3 / 27
Аиааира Ду апарад иалахәны Ашҭа ҟаԥшь иқәсуан аибашьыгатә машьына (БМПТ) "Терминатор".
4 / 27
Урыстәыла ахада - Урыстәыла Атәылахьчара Арбџьармчқәа Рыдҵаҟаҵаҩ хада Владимир Путин Аиааира Ду апарад алагаанӡа.
5 / 27
Урыстәыла Атәылахьчара аминистр Сергеи Шоигу (арымарахь) Урыстәыла атәылахьчара адгьылтә архәҭақәа рхада, аинрал Олег Салиуков Ашҭа ҟаԥш аҿы.
6 / 27
Ашҭа ҟаԥшь аҿы Аиааира апарад иалахәын 14 нызқьҩык аруаа.
7 / 27
Атанк Т-34 Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҿы Аиааира 75 шықәса ахыҵра аҳаҭыраз имҩаԥгаз апарад аҟны.
8 / 27
Апарад аҳаиртә хәҭа хдыркәшеит ажәыларатә ҳаирпланқәа Су-25. Урҭ москватәи ажәҩан Урыстәыла абираҟ аԥшшәыхәқәа рыла ирҩычеит.
9 / 27
Арратә ҳаирплан Ту-160 апарад аҟны.
10 / 27
Апарад иара убасгьы иалахәын 10 ҳаирпланк - аоператив-тактикатә авиациа иатәу "Русские витязи" "Стрижи".
11 / 27
1941-1945 шш. рызтәи Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аан Аиааира агара 75 шықәса ахыҵра иазку Москва Ашҭа ҟаԥшь аҿы имҩаԥысуаз арратә парад иалахәын атанк Т-34-85.
12 / 27
Урыстәыла аԥыза-министр Михаил Мишустин Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҿы Аиааира 75 шықәса ахыҵра аҳаҭыраз имҩаԥгаз апарад аҟны.
13 / 27

Ашҭа ҟаԥшь аҿы Аиааира апарад иалахәын 234 ак арратә техника.

14 / 27
Ҳара иаҳуалуп асовет жәлар ирыхҭысыз ҳәаа змам арыцҳарақәа рхамыршҭра иҳәеит Урыстәыла ахада Владимир Путин, апарад аартуа.
15 / 27
Ашҭа ҟаԥшь аҿы Аиааира апарад иалахәын Азербаиџьан, Ермантәыла, Белоруссиа, Индиа, Ҟазахсҭан, Киргизиа, Китаи, Молдавиа, Монголиа, Сербиа, Таџьикисҭан, Туркменисҭан, Узбекисҭан рыррамаҵзурауаа рхаҭарнакцәа.
16 / 27
1941-1945 шш. рызтәи Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аан Аиааира агара 75 шықәса ахыҵра иазку Москва Ашҭа ҟаԥшь аҿы имҩаԥысуаз арратә парад иалахәыз атанкқәа Т-34-85.
17 / 27
Рашәара 24, 2020 шықәса. Урыстәылатәи Афедерациа Ашәарҭадаратә Хеилак ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Дмитри Медведеви Москватәии Урыстәылазегьтәии апатриарх Кирилли Аиааира 75 шықәса ахыҵра иазку Москва Ашҭа ҟаԥшь аҿы имҩаԥысуаз арратә парад алагаанӡа.
18 / 27
Азениттә ракета-бзарбзантә комплексқәа "Панцирь-СА" 1941-1945 шш. рызтәи Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аан Аиааира агара 75 шықәса ахыҵра иазку Москва Ашҭа ҟаԥшь аҿы имҩаԥысуаз арратә парад аан.
19 / 27
Аруаа Аиааира Ду апарад аҿы.
20 / 27
Арратә техника Аиааира Ду апарад аҿы.
21 / 27
Аруаа Аиааира Ду апарад аҿы.
22 / 27
1941-1945 шш. рызтәи Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аан Аиааира агара 75 шықәса ахыҵра иазку Москва Ашҭа ҟаԥшь аҿы имҩаԥысуаз арратә парад иалахәыз атанкқәа Т-34-85.
23 / 27
Аиааира Ду апарад иахәаԥшырц еизаз асасцәа.
24 / 27
Аруаа Аиааира Ду апарад аҿы.
25 / 27
Аруаа аиааира Ду апарад аҿы.
26 / 27
Аџьынџьтәылатәи еибашьра 1941-1945 шықәсазы аибашьра аветеран Аиааира ду апарад аҿы.
27 / 27
Апарад ашьҭахь Владимир Путини Москваҟа инеиз аҳәаанырцә ҳәынҭқаррақәа рхадацәеи Александровтәи абаҳчаҿ Идырым асолдаҭ инышәынҭра аҿаԥхьа ашәҭшьыҵәрақәа рышьҭаҵарахь инеит.