Аслан Бжьаниа Аиааира апарад далахәуп

© Foto / скриншот из видео\Sputnik Аслан Бжания и Владимир Путин
Аслан Бжания и Владимир Путин  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ахада Ашҭа ҟаԥшь аҟны ар рымҩанысра иалагаанӡа урыстәылатәи иколлега Владимир Путин диԥылеит.

АҞӘА, рашәара 24 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду Аиааира 75 шықәса ахыҵра иазку апарад далахәуп ҳәа аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.

"Урыстәыла ахада Владимир Путин Кремльтәи ахан аҿы дидикылеит Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа. Аслан Бжьаниа Аԥсны иқәынхо ажәлар рыхьӡала Владимир Путин дидныҳәалеит, инаԥхьаразгьы ҭабуп ҳәа иҳәеит", - аҳәоит адырраҭараҿы.

Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду Аиааира 75 шықәса ахыҵра иазку апарад акоронавирустә пандемиа иахырҟьаны лаҵара 9 аҟынтәи рашәара 24 ахь ииаган. Апарад иалахәхоит 14 000-ҩык аруаа, 234 ак арратә техника, 80 ҳаирплани вертолиоти.

Ажәабжьқәа зегьы
0