Аԥсны Атәылахьчара аминистрраҿы аныҳәатә уснагӡатә мҩаԥгоуп

Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҟны Аиааира 75 шықәса ахыҵра иазку ауснагӡатәқәа акоронавирустә пандемиа иахырҟьаны лаҵара 9 аҟынтәи рашәара 24 ахь ииаган.
Sputnik

АҞӘА, рашәара 24 - Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду Аиааира 75 шықәса ахыҵра иазку ауснагӡатә мҩаԥган Аԥсны Атәылахьчара аминистрраҿы. Атәылахьчара аминистр Владимир Ануа иазгәеиҭеит иахьа, рашәара 24 рзы Москва, Ашҭа ҟаԥшь аҟны ишымҩаԥысуа Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду Аиааира 75 шықәса ахыҵра иазку апарад. Ануа иҳәеит 75 шықәса раԥхьа имҩаԥгаз апарадгьы абри амш азы ишымҩаԥысуаз.

"75 шықәса раԥхьа имҩаԥган аҭоурыхтә парад, ҳажәлар риааира иасимволыз. Апарад иалахәын 35 000-ҩык. Иахьа, 75 шықәса рышьҭахь Ашҭа ҟаԥшь аҿы имҩаԥысуеит арратә парад. Аныҳәатә уснагӡатәқәа сасцәақәак раҳасаб ала ирылахәуп Аԥсны ахада Аслан Гьаргь-иԥа Бжьаниа зхадараҿы дыҟоу атәыла ахаҭарнакцәа", - иҳәеит иара.

Аминистр иазгәеиҭеит Аџьынџьтәылатә еибашьра ду алахәылацәа рфырхаҵара хашҭшьа шамам.

"Арҭ иԥышәагаз ашықәс еиқәаҵәақәа раан ҳџьынџьуаа зықьҩыла амцашыра иалагылан. 55,5 нызқьҩык Аԥсны аԥацәеи аԥҳацәеи рҟынтәи 17 нызқьҩык рышьҭахьҟа изыхнымҳәит", - иҳәеит иара.

Аслан Бжьаниа Аиааира апарад далахәуп

Аџьынџьтәылатә еибашьра ду Аԥснытәи аветеранцәа Реидгыла ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Закан Нанба иазгәеиҭеит аибашьра аҭоурых иашаҵәҟьа аиқәырхара иамоу аҵак ду.

Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду Аиааира 75 шықәса ахыҵра иазку ауснагӡатәқәа акоронавирустә пандемиа иахырҟьаны лаҵара 9 аҟынтәи рашәара 24 ахь ииаган.

Рашәара 24 рзы Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи арратә округ аррамаҵзурауаа аидарамҩангага машьына иангыланы Аԥсны иалсуеит аибашьратә ашәақәа ҳәо.

Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду Аиааира 75 шықәса ахыҵра иазку апарад далахәуп.