Атәанчаҩцәа рыԥхьаӡамҭақәа аԥара рхырхуеит ҳәа ирҳәо аҿаԥиҽуеит Бараҭелиа

Аҳәынҭеилакы "Аԥсныбылтәы" иақәу 40 миллион иҟоу акредит ахарҭәааразы атәанчаҩцәа рыԥхьаӡамҭақәа рҟынтәи аԥара ахырхуеит ҳәа ацәажәарақәа аҭыԥ рыман асоциалтә ҳақәа рҿы аԥхынра алагамҭаз.
Sputnik

АҞӘА, рашәара 24 - Sputnik. Аԥсуа телехәаԥшраҿы иқәгылараан Аҳәынҭеилакы "Аԥсныбылтәы" иақәу 40 миллион иҟоу акредит ахарҭәааразы атәанчаҩцәа рыԥхьаӡамҭақәа рҟынтәи аԥара ахырхуеит ҳәа ацәажәарақәа аҿаԥиҽит Амилаҭтә банк ахантәаҩы Беслан Бараҭелиа.

"Асоциалтә ҳақәа рҿы акыр идырӷыӷкит атәанчаҩцәа рыԥхьаӡамҭақәа аԥара рхырхуеит ҳәа аинформациа. Асеиԥш ҟалашьа амаӡам зынӡагьы", - иҳәеит иара.

Асоциалтә ҳа Facebook аҿы ицәырҵит анонимтә информациа Аԥсны Абанк закәаншьаҭада 40 миллион мааҭ "Аԥсныбылтәы" ианаҭеит, уажәы атәанчаҩцәа рԥаратә-хсаалақәа рҟынтәи аԥарақәа анырхуеит акредит ахарҭәааразы ҳәа.

Аԥсны Абанк 40 миллион закәаншьаҭада "Аԥсныбылтәы" ианаҭеит ҳәа иахарарҵо аҭак ҟанаҵеит

Амилаҭтә банк рашәара 11 рзы ари аҭак ҟанаҵеит. Абанк апресс-релиз аҿы иаҳәоит "Сухум-Банк" акредит аҭан иара аклиент – "Аԥсныбылтәы" Гәдоуҭатәи анефттә база акредит анаҭарц азы ҳәа. Акредит ашәара аҿҳәара еиқәшаҳаҭрала ишьақәыргылан: 2017 шықәса, абҵарамза.

Амилаҭтә Банк адыррала, акредит иарбоу аамҭазы инагӡаны ишәан. Ури аан иара процент ҳасабла 7 164 036 мааҭ афеида аиуит.

Аԥсны Абанк акоммерциатә банкқәа рыҳәарала аԥара-кредиттә политика мҩаԥнагоит атәылаҿ абанктә система арӷәӷәаразы, ирнаҭо акредитқәа ракәзаргьы хымԥада дара рклиентцәа – аиурист хаҿқәеи ахаланаплакыҩцәеи кредит ҳасабла ирырҭалароуп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: