Аҟәа иаатит ацәыргақәҵа "Робинзониада, мамзаргьы акарантин аамҭа шысхызгаз"

Аҽыԥхьакра аамҭаз зидеиа цәырҵыз ацәыргақәҵа Архип Лабахәуа иҩыза, ашәҟәыҩҩы Надежда Венедиктова илзикит.
Sputnik

АҞӘА, рашәара 25 –Sputnik, Мариа Ефимова. Рашәара 25-27 рзы Аԥсны аҳҭнықалақь амшынԥшаҳәаҿы иаатит асахьаҭыхыҩ, аскульптор Архипа Лабахәуа ицәыргақәҵа "Робинзониада, мамзаргьы сара акарантин аамҭа шысхызгаз".

Аҟәа иаатит ацәыргақәҵа "Робинзониада, мамзаргьы акарантин аамҭа шысхызгаз"

Лабахәуа иажәақәа рыла, ацәыргақәҵа иазирхиеит 20 рҟынӡа ахалаҽыԥхьакреи акарантини ртема еиднакыаз иусумҭақәа.

"Асахьаҭыхыҩ изы ахалаҟазаара проблемам. Еиҳа угәы зызцо ҭагылазаашьоуп. Сара аҽыԥхьакра аамҭаз с-Робинзонны схы збон. Умацара ухы уаназаанхалак иҭуҵаауа уалагоит иааукәыршаны иҟоу адунеи, уҩны, уусурҭа ҭыԥ", - иҳәеит Лабахәуа.

Аҟәа иаатит ацәыргақәҵа "Робинзониада, мамзаргьы акарантин аамҭа шысхызгаз"

Асахьаҭыхыҩ иҳәеит тематикатә композициақәак иара ихаҭа изгьы амаӡа шрыҵоу.

"Аинсталлиациақәа аус рыдулара ашьҭахь сара ахҳәаақәа рыҟаҵара салагеит. Фотосахьақәак лондонтәи сҩыза изысышьҭит иахиҳәаауа збарц. Иара мчыбжьык ашьҭахь ахҳәаақәа рыҭаны исызирхынҳәит. Ҳгәаанагарақәа зынӡа еиԥшымызт. Ахәаԥшҩы исырбар сҭаххеит аверсиақәа рыҩбагь. Обиектцыԥхьаӡа марқьаф ҟаԥшьылеи еиқәаҵәалеи ирыҵазҩит", - иҳәеит Лабахәуа.

Аҟәа иаатит ацәыргақәҵа "Робинзониада, мамзаргьы акарантин аамҭа шысхызгаз"

Лабахәуа иажәақәа рыла, ацәыргақәҵа иҩыза, ашәҟәыҩҩы Надежда Венедиктова илзикит.

Ацәыргақәҵа мҩаԥысуеит рашәара 27 рҟынӡа. Анеира хәыда-ԥсадоуп.

Аҟәа иаатит ацәыргақәҵа "Робинзониада, мамзаргьы акарантин аамҭа шысхызгаз"

Сип (Архип) ҭагылазаашьак аҟынтәи аҽа ҭагылазаашьак ахь аиасра иҽазишәоит. Иалагашьа акуп, иалгашьа аҽакуп. Ирацәаҩуп ауаа зыбзазара иалашьцылаз, аиҭакрагьы зҭахым", - лҳәоит Венедиктова.

Архип Зураб-иԥа Лабахәуа - асахьаҭыхыҩ, аскульптор, адизаинер. Лабахәуа - Аҟәа аԥшаҳәаҿы иқәгылоу Фазиль Искандер ифырхацәа рыскульптурақәеи, "Апингвин – философи" , "Аҵани" дравторуп.

Аҟәа иаатит ацәыргақәҵа "Робинзониада, мамзаргьы акарантин аамҭа шысхызгаз"

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: