АҞӘА, рашәара 26 – Sputnik. Иаҳхысыз уахыки-ҽнаки рыла 88-ҩык Аԥсны ауааԥсыра акоронавирус амазааразы агәаҭара иахысит, урҭ рахьтә ачымазара ҿкы уаҩы ицәа иалам ҳәа адырра ҟанаҵоит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.
"Аҟәатәи асасааирҭаҿы 14-мштәи ихымԥадатәу акарантин анырхырга аамышьҭахь рыҩныҟа иоушьҭуп ԥшьҩык амедикцәа. Иахьазы уа иаанхоит даҽа ҩыџьа амедицинатә усзуҩцәа, " - ҳәа азгәаҭоуп адырраҭараҿы.
Апандемиа ҟалеижьҭеи Аԥсны иахьаҵанакуа акоронавирустә чымазара ҿкы рыдбалоуп зынӡа 38-ҩык ауааԥсыра. Урҭ рахьтә ԥшьҩык ахәышәтәырҭа иҭоуп, 33-ҩык ргәы бзиахеит. Акоронавирус зцәа иалаз аԥҳәыс бырг лыԥсҭазаара далҵит.
Акоронавирус иадҳәалоу ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>