Арадио

Камлиа: Аԥсны ирааӡази Урыстәылантә иааргои аҽқәа хаз-хазы еицлабуазароуп

Аԥсны аҽыбӷаҟазаратә спорт афедерациа ахада Аслан Камлиа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит аҽыбӷазара ҳтәылаҟны ашьҭыхразы иҟаҵатәу ҳәа ииԥхьаӡо.
Sputnik
Камлиа: Аԥсны ирааӡази Урыстәылантә иааргои аҽқәа хаз-хазы еицлабуазароуп

Аҿари аспорти рызҵаарақәа рзы Аԥсны аҳәынҭқарратә еилакы аҟны Аԥсны аҽыбӷаҟазаратә спорт иамоу ауадҩрақәа ирылацәажәеит рашәара 24 рзы. Аиԥылараҟны иазгәаҭан иахьазы азеиԥш ԥҟарақәа шыҟам аҽыбӷаҟазаратә спорттә еицлабрақәа рымҩаԥгараҟны, урҭ аус рыдулатәуп ҳәа.

"Аҽыбӷаҟазара аԥсуаа жәытә аахыс ршьа иалоу, ҳабацәа, ҳабдуцәа иныҟәыргоз акәын. Абра Аԥсны ишьҭыхтәуп аҽыбӷаҟазара, уи азы аума аҭахӡам. Ҳара хәыҷык ииашаны ҳазымнеиӡеит Аԥсны имҩаԥааго аҽыбҟазаратә еицлабрақәа. Аӡәы далаҟоуп, аҽқәа Урыстәыла иааӡоит. Аԥсны аҳәынҭқарра ахада ихраҿа аума, даҽа еицлабрак аума, иҽқәа иманы даауеит Урыстәылантә. Анхаҩы ара иҟоу, зҭаацәа ирымҵԥааны, ихы иагыжьны аҽы зааӡо ҳахьрацлабуа иашаӡам. Убри азы ҳаицәажәараҟны убас ҳаӡбеит, иҵегьы аиқәшәарақәа мҩаԥаагоит - Аԥсны ииз, ирааӡаз аҽқәа, ампыласра, аҵәеигәыдҵа, абазшьҭыхра, ҽыла ампылхәмарра уҳәа аицлабрақәа ирылахәу рыла ауп акәаталақәа зауа, аҭыԥқәа ззыршаша. Урыстәылантәи иаарго аҽқәа рзы хазы аҽырыҩра ҟаҵалатәуп, абри акәаталақәа рыла иҟоу асистема иаламырхәӡакәа. Абас еиҿаҳкаар рҭаххоит ақыҭақәа, ауаа агәыблыра иаҳа ироуеит аҽыбӷаҟазарахь", - иҳәеит Камлиа.

Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: