"Саб (Алықьса Лакербаиа-аред.) СССР азҟаза ҳәа дыҟоуп. Сара сшыхәыҷыз аҽыбӷаҟазара агәыбылра скит, 11 шықәса схыҵуан аҽыҩ сақәтәаны аԥхьа аицлабра саналахәыз. 16 шықәса анысхыҵ, сыкапан хәыҷык ианацла, ахәмаррақәа рахь сыиасит: ҽыла ампылхәмарра, аҵәеигәыдҵа, абазшьҭыхра, ԥсуаҵас ахәмарра, аҳәаҟьара. Уаанӡа ахәмаррақәа рацәаны иҟан, уажәы рхыԥхьаӡара иаҳа еиҵоуп… Абазшьҭыхра уажәшьҭа имҩаԥыргаӡом. Уаанӡа иҟан аԥара, хы-хкык рыла аицлабра, ҽыла аиндаҭларақәа, Асовет Еидгыла хыбгалеижьҭеи урҭ аспорт хкқәа ҳара ҳҟны ахархәара рымаӡам. Амамзаара иахҟьоит уи, уажәы иаҳа аԥсуа хәмаррақәа шьҭырхит, аклассикатә еицлабра хкқәа ирҟәаҵны иҟоуп. Аҽқәа рныҟәгара аџьабаа ӷәӷәа ацуп, иара амацара уаҿызароуп. Шықәсык-хышықәса ҽык азыҟауҵалароуп иқәгыларазы, даҽаџьара уаагарҭа ыҟамзар ицәгьоуп ари аус аиҿкаара", - иҳәеит Лакербаиа.
Иара убасгьы еиҭеиҳәеит Дәрыԥшьтәи аҽыбӷаҟазацәа ргәыԥ иахьа шаҟаҩы еиднакыло, аицлабрақәа рҟны рхы шаадырԥшуа атәы.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы аудио аҿы, мамзаргьы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Габуниа аҽыбӷаҟаза Шьулиа Лакрба изы: иџьбарарагьы ыҟан, ахымҩаԥгашьагьы идыруан
-
Аҽыбӷаҟаза: аԥсуа данҽыжәло иарма шьапы ашькыл икылданы, арыӷьала ауп аҽы дшақәтәо
-
Аҽышьашьана: аҽқәа рааӡара иадҳәалоу ақьабзқәеи урҭ рныҳәареи