Урыстәыла аҳазалхырҭа Аԥсны аусушьа иалацәажәеит Шәача

Аԥсны Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилаки Урыстәыла Афедералтә ҳазалхратә маҵзуреи 2019 шықәса рзы хәышықәса ҿҳәарас иаҭаны аҳәынҭқаррақәа рзакәанԥҵарақәа реинырра азҵааразы Амҩатә хсаала рнапы аҵарҩит.
Sputnik

АҞӘА, рашәара 26 – Sputnik. Шәача имҩаԥысит Шәачатәи аҳазалхра анапхгареи Аԥсны иҟоу Урыстәыла аҳазалхратә маҵзура ахаҭарнак ҿыц Константин Козлови русуратә еиԥылара ҳәа аанацҳауеит  Шәача аҳазалхра апресс-маҵзура.

Автомашьынақәа Аԥснынтәи Урыстәылаҟа аамҭала ралагалара аҿҳәара цәыббра 30 рҟынӡа инахоуп

Аиԥылара алахәылацәа алацәажәеит  Шәачатәи аҳазалхреи Аԥсны иҟоу  Урыстәыла аҳазалхратә маҵзуреи реинырра ахырхарҭа хадақәа.

"Аилацәажәараан иҷыдоу аҵакы рыҭан "ЕАЕС аҳазалхратә ҵакырахь атранспорттә хархәагақәа аамҭала ралагалара аҭагылазаашьақәа реилагара, аамҭалатәи алагалараан аҿҳәара аилагара ҟалозар аҳазатә шәахтәқәа ршәаразы ауалқәхра, аҳазалхратә закәанԥҵара егьырҭ аилагарақәа разыԥхьагәаҭареи раԥырҟәҟәаареи", - ҳәа аҳәоит адырраҿы.

Уи адагьы аҳазалхратә маҵзура иазгәанаҭеит Аԥснынтәи Урыстәылаҟа ашәҟәы иҭагалам аҭаҭын аалыҵ аиагара аҽазышәара аиҳахара.

"Аҳазалхратә ҳәаа ахысраз изакәаным асхемақәа рхархәара аарԥшреи раԥырҟәҟәаареи иааиԥмырҟьаӡакәа имҩаԥыргот Шәачатәи аҳазалхра амаҵзурауаа", - ҳәа аҳәоит  Шәачатәи аҳазалхра апресс-маҵзура.

Аиԥылараан ирыхәаԥшын аурыс-аԥсуа ҳәаа иахысуа атранспорттә хархәагақәеи атауарқәеи рхылаԥшреи, рҳазалхратә еиҿкаареи, рҳазалхратә ҭаҩреи реиӷьтәра.

Аиԥылара  аихшьаалақәа рыла иҳәаақәҵан аиныррақәа рԥеиԥши аусеицура азҵаара хадақәа рынагӡареи ҳәа аҳәоит апресс-маҵзура.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: