Арадио

Акаба: Џьалаа ирымоу ауадаҩрақәа ртәы уҳәозар, сааҭкгьы иузҭагӡом

Очамчыра араион Џьал ақыҭа ахада Алиас Акаба арадио Sputnik аефир аҟны арубрика "Раионк аԥсҭазаараҟынтә" аҿы еиҭеиҳәеит Џьал анхацәа ирымоу ауадаҩрақәа ртәы.
Sputnik
Акаба: Џьалаа ирымоу ауадаҩрақәа ртәы уҳәозар, сааҭкгьы иузҭагӡом

"Аиаша уҳәозар, Џьал ақыҭаҟны иҟоу ауадаҩрақәа ртәы уҳәозар, уи минуҭқәак мамзаргьы сааҭк иҭагӡаны иузҳәаӡом, избанзар убриаҟара ирацәоуп. Анхаҩы аԥхьа инаргыланы амҩа имазароуп. Алашара аганахьала ацхыраара шҳаухьоугьы, иҵегьы имаҷымкәа иҟаҵатәуп. Амҩа узымҩамсуа аҟынӡа иҟоуп. Иҳамоу ахаҳәмҩа амшцәгьақәа раан иԥхасҭахоит, есышықәса аус адулатәуп, агәыӷрақәа рацәаны иадаҳҳәалон аинвестициатә программа ацхырараала иҟаҵахап ҳәа, аха уи залыршамхеит", - иҳәеит Акаба.

Иара убасгьы еиҭеиҳәеит 110 ҭӡы инарзынаԥшуа иахьынхо ақыҭаҟны иахьа ашкол шыҟам, ауадаҩрақәа шрымоу аҵаҩцәа машьынала реиқәыршәара аус аҟынгьы.

Шәазыӡырҩы аудио. Инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: