Аԥкырақәа алагалоуижьҭеи Аԥсныҟа жә-нызқьҩык рҟынӡа ауаа ҭалахьеит

Аҳәынҭқарра аҳәаақәа рҟны Аԥсныҟа иалало ауааԥсыра ргәабзиара аҭагылазаашьа ахылаԥшра арҭоит. Аҵыхәтәантәи аамҭазы COVID-19 аҭыԥ амам.
Sputnik

АҞӘА, рашәара 29 - Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Аԥкыратә уснагӡатәқәа аларгалеижьҭеи аурыс-аԥсуа ҳәа иахысхьеит жә-нызқьҩык инареиҳаны ауаа ҳәа еиҭеиҳәеит Аԥсны АҶА аминистр Лев Кәыҵниа Ауааԥсыра акоронавирус рацәыхьчаразы акоординациатә штаб аилатәараҟны.

Ҩ-нызқьҩык инареиҳаны Аԥсны ауааԥсыра COVID-19 амазааразы игәарҭахьеит

"Ес уахи-ҽни атәылахь иҭалоит 120-170-ҩык. Иҟан мышкы аҩныҵҟа 200-ҩык аҳәаа ианахысызгьы", – ҳәа иҳәоит иара.

Аминистр иазгәеиҭеит аҳәааҿы ашәарҭадаразы иахәҭоу аусқәа зегьы шымҩаԥырго.

Апандемиа аламҭалазы Аԥсны иахьаҵанакуа иазгәаҭан 38 коронавирустә хҭыс.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>