Арадио

Арсалиаԥҳа "Аҟәа – есымша иуцу аныҳәа" азы: ацәыргақәҵа аҭааҩцәа ҿыцрақәак рзаатуеит

Ацәыргақәҵа "Аҟәа – есымша иуцу аныҳәа" ахшыҩҵаки ахықәки арадио Sputnik аефир аҟны дырзааҭгылеит Аҟәатәи ацәыргақәҵатә зал хада аиҳабы Ельвира Арсалиаԥҳа.
Sputnik

Аҭоурых беиа змоу Аԥсны аҳҭнықалақь аҩажәатәи ашәышыкәсазы имаҷымкәа асахьаҭыхыҩцәа русумҭақәа азыркхьеит, ашәҟәыҩҩцәа иазкны аҩымҭақәа аԥырҵахьеит.

Арҭқәа ургәылазырхало ацәыргақәҵа "Аҟәа – есымша иуцу аныҳәа" мҩаԥгахоит ԥхынгәы 3, асааҭ 13 рзы Аҟәатәи ацәыгақәҵатә зал хадаҟны. Ацәыргақәҵа еиҿнакаауеит Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа реидгыла. Аҭааҩцәа рзы ацәыргақәҵа аартызаауеит ԥхынгәы 28-нӡа.

Арсалиаԥҳа "Аҟәа – есымша иуцу аныҳәа" азы: ацәыргақәҵа аҭааҩцәа ҿыцрақәак рзаатуеит

"…Шықәсыбжак иназынаԥшуеит ацәыргақәҵақәа рымҩаԥгара аанкылоуижьҭеи акарантин иахҟьаны. Асахьаҭыхыҩцәа ҳааилацәажәан иҳаӡбеит цәыргақәҵак аиҿкаара, ҳсахьаҭыхыҩцәа русумҭақәа Аԥсны инхо, иаҭаауа дырбаразы. Традициала ԥхынгәы раԥхьатәи асабша Аҟәа ақалақь амш азгәарҭоит. Убри аҟынтәи ҳцәыргақәҵа Аҟәа атоурых, акультура иадҳәаланы еиҿаҳкаарц ҳаӡбеит. Ацәыргақәҵа аекспозициа еиҿкаауп аҩажәатәи ашәышықәса аԥхьатәи азбжа иатәу аурыс шәҟәыҩҩцәа Аҟәа иазку ргәалашәарақәа рыла, нас аҩажәатәи ашәышықәса аҩбатәи азбжазы аус зуаз сахьаҭыхыҩцәеи иахьа аус зуа асахьаҭыхыҩцәеи русумҭақәа рыла… Аекспозициаҿы иҟоуп уаанӡа иӡыргахахьаз аусумҭақәа, аха абас темак ала, иалкааны ақалақь аҭоурых, акультуратә баҟақәа ирызкны хаҭала раԥхьаӡа акәноуп, ишыздыруа ала, ишымҩаԥысуа. Сгәы иаанагоит иаҭаауа рзы ҿыҵрақәак аатып ҳәа", – лҳәеит Арсалиаԥҳа.

Ацәыргақәҵаҟны ахәаԥшҩы ибар илшоит зынӡа 49 усумҭа, 25-ҩык рҟынӡа асахьаҭыхыҩцәа раԥҵамҭақәа.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik аефир аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: