Еснагь иуцу аныҳәа: Аҟәа амш азы ацәыргақәҵа еиҿкаахоит

© Sputnik / Леон Адлейба Администрация города Сухум
Администрация города Сухум  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ахәаԥшыҩцәа ирылшоит ацәыргақәҵа "Аҟәа. Еснагь иуцу аныҳәа" иаҭаалар ԥхынгәы 28 рҟынӡа Ацәыргақәҵатә зал хадаҿы.

АҞӘА, рашәара 29 – Sputnik. Ацәыргақәҵа "Аҟәа. Еснагь иуцу аныҳәа" аатуеит Ацәыргақәҵатә зал хадаҿы ԥхынгәы 3 асааҭ 13:00 рзы ҳәа арадио Sputnik иазеиҭалҳәеит ацәыргақәҵа акуратор Ельвира Арсалиаԥҳа.

Лара иазгәалҭеит аԥкырақәа ирхырҟьаны акыраамҭа ацәыргақәҵақәа рымҩаԥгара шалымшоз.

"Ҳара иҳаӡбеит ацәыргақәҵа Аҟәа амш иазаҳкырц. Иара есышықәса ԥхынгәымза раԥхьатәи асабша иақәшәоит. Аҭааҩцәа ирбар рылшоит Аҟәа аҭоурых, акультура ирыдҳәалоу аусумҭақәа. Аекспозициа иалахәхоит аурыс шәҟәыҩҩцәеи аҵарауааи Аҟәазы ргәалашәарақәа", – ҳәа лҳәоит лара.

Уи адагьы ХХ-тәи ашәышықәса иаҵанакуа аԥсуа сахьаҭыхыҩцәеи ҳаамҭазтәи асахьаҭыхыҩцәеи рҭыхымҭақәа еидкылахоит.

Выставка Архипа Лабахуа Робинзониада, или как я провел карантин - Sputnik Аҧсны
Аҟәа иаатит ацәыргақәҵа "Робинзониада, мамзаргьы акарантин аамҭа шысхызгаз"

"Сгәыӷуеит  аҭааҩцәа рзы адырра ҿыцқәа аатып ҳәа, избанзар ари атематикала ацәыргақәҵа раԥхьатәиуп. Ара иҟалоит иналукааша аекспонатқәа, иаҳҳәап  еицаадыруа аҵарауаҩ Анзор Агәмаа иҭыхымҭа "Баслатәи ацҳа" (1976ш), Леуарса Быҭәба – "Раԥхьатәи ҭагалан", (1993ш)", – лҳәоит акуратор.

Ельвира Арсалиаԥҳа илҳәеит  ацәыргақәҵа алахәхаразы 49 ҭыхымҭа шалху – авторцәа: Баҭал Џьапуа, Александр Семенцов, Мадина Бигәааԥҳа, Руслан Габлиа, Диана Хынҭәԥҳа, Витали Кацәба, Лаша Габелиа, Амиран Адлеиба уҳәа егьырҭгьы иртәқәоу.

Ацәыргақәҵа еиҿнакааит Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла. Ацәыргақәҵа Аҟәа амш иазкуп. Иара есышықәса ԥхынгәымза раԥхьатәи асабша иақәшәоит. Сынтәа – ԥхынгәы 4 иақәшәоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0