COVID-19 ахҭыс ҿыцқәа аарԥшым Аԥсны

Адунеи аҿы ишьақәырӷәӷәоуп 10-миллионк инарзынаԥшуа ачымазара ахҭысқәа, ргәы бзиахахьеит хә-миллионк инареиҳаны ауаа. Урыстәыла иаҳхысыз уахыки-ҽнаки рыла акоронавирус рыдбалоуп ф-нызқьҩык раҟара ауааԥсыра.
Sputnik

АҞӘА, рашәара 29 – Sputnik. Даҽа 67-ҩык Аԥсны ауааԥсыра акоронавирус амазааразы агәаҭара иахысит ҳәа адырра ҟанаҵоит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.

"Иаҳхысыз уахыки-ҽнаки рыла акоронавирус рцәа иалазар агәаҭаразы абиоматериал рымхын 67-ҩык ҳтәылауаа. Ачымазара COVID-19 уаҩы идбалам", - ҳәа азгәаҭоуп адырраҭараҿы.

Иааидкыланы Аԥсны иахьаҵанакуа акоронавирустә чымазара ахҭысқәа 38 азгәаҭоуп. 33-ҩык ргәы бзиахеит, ԥшьҩык ахәышәтәырҭа иҭоуп. Акоронавирус зцәа иалаз аԥҳәыс бырг лыԥсҭазаара далҵит.

Акоронавирус иадҳәалоу ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>