Аԥсны ахада Урыстәыла Аконституциа ариашарақәа ралагаларазы ибжьы иҭиит

Урыстәыла азакәан хадахь ариашарақәа ралагаларазы абжьыҭара ԥхынгәы 1 азы имҩаԥысраны иазгәаҭоуп Аԥсны иахьаҵанакуагьы. Аха Урыстәыла атәылауаа алшара рымоуп рашәара 25 инаркны рыбжьы арҭаларц.
Sputnik

АҞӘА, рашәара 30 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа, ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, аԥыза-министр Александр Анқәаб аҩаша, рашәара 30 рзы Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭаҿ иаарту алхырҭатә ҭыԥ  №8000 аҿы Аконституциахь ариашарақәа ралагаларазы рыбжьы арҭеит.

Путин ауааԥсыра рахь ааԥхьара ҟаиҵеит Аконституциахь ариашарақәа рзы рыбжьы арҭарц

"Ари акрызҵазкуа уснагӡатәуп. Сара агәра згоит Урыстәыла Аконституциахь аиҭакрақәа аҳәынҭқарра арӷәӷәара, аҳәынҭқарратә институтқәа реизырҳара, ауааԥсыра рыԥсҭазаара аиӷьтәра ишырзырхоу. Ҳара иаҳуалԥшьаны иҳаԥхьаӡоит абри азы абжьаҭара", - ҳәа азгәеиҭеит Аԥсны ахада.

Атәыла азакәан хадахь ариашарақәа ралагаларазы абжьыҭара ԥхынгәы 1 азы имҩаԥысраны ишазгәаҭоугьы, урыстәылаа алшара рымоуп рашәара 25 инаркны рыбжьы арҭаларц.

Уаанӡа абжьыҭара азгәаҭан мшаԥазы, аха COVID-19 иахҟьаз асанитартә-епидемиологиатә ҭагылазаашьазы иахыган. Ус шакәугьы, абжьыҭара ҭыԥқәа рҿы ауаа рацәа рыҟамларазы АКХ иазыԥхьагәанаҭеит рашәара 25 инаркны абжьыҭара алыршара.

Аԥсны иахьаҵанакуа Урыстәыла Аконституциа аԥсахрақәа ралагаларазы абжьыҭара мҩаԥгахоит ԥхынгәы 1 азы, Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа ахыбраҿы (Аҟәа, Лакоба 45). Араионқәа рхадацәа адырра ҟарҵеит ишазыхиоу абжьаҭара аиҿкааразы ацхыраара аҟаҵара. Уи азы Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭахь ауаа рнагаразы атранспорт азырхиахоит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: