Евроеидгыла Урыстәылазы аҳәаақәа аанартуам

Евроеидгыла ЕЕ аҵакырахь алаларазы аамҭалатәи аԥкырақәа раԥыхраз абжьагарақәа аднакылеит.
Sputnik

АҞӘА, рашәара 30 - Sputnik. Урыстәылеи Еиду аштатқәеи Европатәи атәылақәа ԥхынгәы 1 инаркны аҳәаақәа ззадыртуа атәылақәа рсиа иаламшәеит ҳәа аанацҳауеит Евроеидгыла атәылақәа рхеилак асаит.

Евроеидгыла ааԥхьара ҟанаҵоит атәымтәылауаа рзы аҳәаақәа аркызарц

Абжьагараҿы иарбоу критериақәаки ҭагылазаашьақәаки иалдыршоит  ԥхынгәы 1 инаркны: Алжир, Австралиа, Канада, Қырҭтәыла, Иапониа, Черногориа, Марокко, Зеландиа Ҿыц, Руанда, Сербиа, Аладатәи Кореиа, Таиланд, Тунис, Уругваи рзы аҳәаақәа раартра, убас Китаи азгьы, аха иаргьы аҳәаақәа аанартуазар.

Убри аан иазгәаҭоуп асиа ес-ҩымчыбжь еиҭашахәаԥшло.