Евроеидгыла ааԥхьара ҟанаҵоит атәымтәылауаа рзы аҳәаақәа аркызарц

© Sputnik / Алексей Витвицкий / Амедиаҵәахырҭахь аиасраФлаги с символикой Евросоюза
Флаги с символикой Евросоюза - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Акоронавирустә инфекциа Китаинтәи Европаҟа ииасит ҳәа азгәанаҭоит Агәабзиарахьчаразы адунеизегьтәи аиҿкаара.

АҞӘА, хәажәкыра 17 – Sputnik. Еврокомиссиа ажәалагала ҟанаҵеит Евроеидгыла атәылақәа рҳәаа 30 мшы иаркызарц акоронавирус ашәарҭаразы. Абри атәы аалыцҳауеит ЕК ахада Урсула фон дер Лиаиен.

"Еврокомиссиа ажәадгала ҟанаҵоит: Евроеидгыла атәылақәа рахь иарбанызаалак аныҟәарақәа ԥкызарц", - ҳәа лыҩуеит лара Twitter аҿы.

Уаанӡа Еврохеилак ахада Шарль Мишель иазгәеиҭахьан абри аҩыза аӡбамҭа аидгыла алахәыла-тәылақәа 27 зегьы еицҿакрыла иақәшаҳаҭхароуп ҳәа.

"Иахьа абри азы адырра раҳҭеит G7 ала ҳпартниорцәа. Уаҵәы Евроеидгыла ахеилак аҟны ҳалацәажәоит", - ҳәа Мишель иажәақәа аанагоит РИА Новости.

Уаанӡа атәылақәа Австриа, Венгриа, Чехиа, Даниа, Польша, Литва, Германиа, Швеицариа Европатәи акомиссиа адырра арҭахьан рҳәаақәа рҟны ахылаԥшратә уснагӡатәқәа шымҩаԥырго азы.

Хәажәкыра 11 рзы Агәабзиарахьчаразы адунеизегьтәи аиҿкаара акоронавирус COVID-19 пандемиоуп ҳәа рыланаҳәеит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: 

Ажәабжьқәа зегьы
0