Ԥхынгәы 1 азы Аҟәа ахәҭак ӡыда иаанхоит

АУН "Аӡыканал" аремонттә усурақәа мҩаԥнагараны иҟоуп Аҟәа, Лакобеи Ӡиӡариеи рымҩақәа рҟны, иара убас аӡыҭгага №2 аҟны.
Sputnik

АҞӘА, рашәара 30 - Sputnik. Ԥхынгәы 1, 00:00 инаркны 22:00 сааҭ рҟынӡа Аҟәа ахәҭак ӡыда иаанхоит ҳәа аанацҳауеит АУН "Аӡыканал". 

Аӡы ҟалаӡом араионқәа: Ажәытә ҳабла, Колос, Адыгаа рымҩа, авокзал, ВИЕМ, ақалақь агәы, аџьармыкьа, Алашарбага иахьрыҵаркуа.

Уаанӡа АУН "Аӡыканал" аҟны  Sputnik ишазеиҭарҳәахьоу ала, аӡы лассы-лассы аанкылара азҵаара аӡбаразы комплексла аӡымҩангагақәа ԥсахтәуп. Арахь иаҵанакуеит аӡыҭгагақәа, аӡеизакырҭақәа, аӡеихшарҭақәа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: