АҞӘА, ԥхынгәы 1 -Sputnik. Аԥсны Аминистрцәа реилазаара коллегиалтә ӡбарала Ареспубликатә ҳәынҭусбарҭа "Аԥсуа ҳәынҭқарратә телерадиоеилахәыра" адиректор хадас Ирина Агрԥҳа дшьақәнарӷәӷәеит ҳәа аанацҳауеит Аминистрцәа реилазаара асаит.
Ареспубликатә ҳәынҭусбарҭа "Аԥсуа ҳәынҭқарратә телерадиоеилахәыра" адиректор хада инапынҵақәа назыгӡоз Оҭар Лакрба инапынҵақәа рынагӡараҟынтә ихы дақәиҭтәуп.
Ирина Агрԥҳа диит 1962 шықәсазы, Тҟәарчал. 1978 шықәсазы Гәыԥтәи абжьаратә школ далгеит. 1992 – 1993 шш. – Аԥсуа ҳәынҭқарратә радио аурыс редакциа аредактор, амҩаԥгаҩ. 1989 ш. инаркны иахьанӡа – ААУ аҭоурыхтә факультет арҵаҩы, Урыстәыла аҭоурых акафедра адоцент.
2003–2004 шш. – ауаажәларра-политикатә ҵысра "Аиҭаира" Аҟәатәи ақалақьтә еиҿкаара ахантәаҩы.
2007 – 2012 шш. – Аԥсны Жәлар Реизара адепутат, аиҳабы ихаҭыԥуаҩ.
2005–2014 шш. – Ареспубликатә ҳәынҭусбарҭа "Аԥсуа ҳәынҭқарратә телерадиоеилахәыра" амҩаԥгаҩ, апроектқәа "Аргама", "Кафедра", "Аибашьра анцоз" равтор.
Аԥсуа ҳәынҭқарратә телерадиоеилахәыра шьаҭаркын 1978 шықәса абҵара 6 рзы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Ҩнаҭацыԥхьаӡа аҧсышəала абжьы гоит: Аҧсуа телехəаҧшра 40 шықәса ахыҵит