Роман Илиа–иԥа Сабуа далгеит Қарҭҭәи атеатралтә институт. Аԥсуа драматә театр аҟны аус иуеит 1975 шықәса раахыижьҭеи, актиорцәа аԥхьагылаҩцәа дреиуоуп. Аҩажәатәи ашәышықәса анҵәамҭеи ҩажәиактәи ашәышықәса алагамҭеи иаҵанакуа аамҭахҵәахазы атеатр аҟны иқәыргылоу иреиӷьу аспектакльқәа рҟны ароль хадақәа наигӡахьеит.
"Аҟазара ԥсабарала Анцәа иулаиҵозар акәхап. Саныхәыҷыз инаркны ус еиԥш ацәаҩа сылазшәа сгәы иаанагоит. Бзиа избон сҩызцәа зырччаша рҿаԥхьа хәмаррақәак рымҩаԥгара, усҟан уи иаҵанакуаз сыздыруамызт, аха нас аинститут санҭала ашьҭахь еилыскааит уи аетиуд шакәыз. Иҭҭәааны ишахәҭоу еиԥш саныхәыҷыз исзыҟаҵомызт, аха изырччаша атемақәа ансыдыргалоз иҟасҵон, иргәаԥхон. Еиҳау аклассқәа рҟны саннеи, сқыҭа Хәаԥ адраматә гәыԥ еиҿыскааит", - иҳәеит Сабуа.
Шәазыӡырҩы аудио. Инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Сабуа Тҟәарчалтәи аҳәынҭқарратә акомедиатә театр азы: ихәыларԥстәым
Сабуа: атеатралтә студиа аусурала ихацҳаркит аестрадатә жанр