Ахәцҵазы ашәахтә алхра аԥҟарақәа шеиҭаркуа иҳәеит ахада

Ахәцҵазы алагаларатә шәахтә иахьатәи аамҭазы Аԥсны илырхуеит атауар атәыла ианаларгало, даҽакала иуҳәозар, ирҭиаанӡа.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 2 - Sputnik. Аслан Бжьаниа ԥхынгәы 2 рзы имҩаԥигоз апресс-конференциа аан ахәцҵазы ашәахтә азҵаарагьы дазааҭгылеит.

Иара адырра ҟаиҵеит ахәцҵазы ашәахтә шаԥырымхуа, аха уи алхшьа аԥҟарақәа еиҭакхоит иҳәеит ахада.

Уаанӡа аԥыза-министр Александр Анқәаб зус алоу аусбарҭақәа адҵа риҭеит ахәцҵазы ашәахтә ахьаҵанакуа ашәахтә система, уи афискалтә хаҳара, абиуџьет аиқәыршәараан ицәырнаго ауадаҩрақәа уҳәа ҭырҵаарц.