Бжьаниа ЕгрыГЕС аремонт азы: фымцалашарада ҳаанхом

2021 шықәса рзы хымз ЕгрыГЕС агрегатқәа хәба рааныргылара азԥхьагәаҭоуп адеривациатә тоннель аремонт амҩаԥгаразы. Абри аан афымцалашара аузышьҭуа аӡы аанкылахоит.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 2 — Sputnik, Бадри Есиава. Аԥсны фымцалашарада иаанхом ЕгрыГЕС аангылараан 2021 шықәса рзы иҳәеит Аслан Бжьаниа апресс-конференциаҿ, ԥхынгәы 2 рзы.

"Фымцалашарада ҳаанхом", - иҳәеит ахада.

Бжьаниа иазгәеиҭеит ареспублика фымцалашарала аиқәыршәаразы азҵаара ишалацәажәаз Москва даныҟаз.

Бжьаниа иазгәеиҭеит Урыстәылатәи Афедерациа ари азҵаара аӡбараан ацхыраара шыҟанаҵо.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: