Бжьаниа аминистиа амҩаԥгашьа азҵаара аҭҵааразы адҵа ҟаиҵоит

Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа ԥхынгәы 2 рзы Ахада иусбарҭа ахыбраҿы апресс-конференциа амҩаԥгара даҿуп.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 2 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа аҳәамҭа ҟаиҵеит амнистиа амҩаԥгашьа азҵаара аҭҵааразы адҵа шыҟаиҵо. Абри атәы иҳәеит апресс-конференциа аан.

Ажурналистцәа руаӡәк иҭак ҟаҵо, Бжьаниа иҳәеит ахада ҿыц имаҵура дахьахагылаз азы амнистиа амҩаԥгара иашамхар ҟалап, аха ари азҵаара аҭыԥ акәҵара аҭахыуижьҭеи акрааҵуеит ҳәа. 

Атәыла ахада иазгәеиҭеит ари азҵаара иаарласны аҭҵаара ишалаго.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: