Бжьаниа Аҟәа авиаторцәа рбаҟа аартрахь Путин ааԥхьара ииҭеит

Аԥсны ахада дрылахәын Аџьынџьтәылатә еибашьар ду аан Аиааира 75-шықәса ахыҵра иазкны Москва имҩаԥысыз ауснагӡатәқәа.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 3 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Владимир Путин ааԥхьара ииҭеит Аҟәа иқәдыргылаз Аџьынџьтәылатә еибашьраан иҭахаз авиаторцәа рбаҟа аартраз иазку ауснагӡатә ахь. Абри атәы Бжьаниа иҳәеит амаҵзура "Интерфакс" имҩаԥнагаз онлаин пресс-конференциаҿ.

Аслан Бжьаниа Аиааира апарад далахәуп

Бжьаниа иажәақәа рыла, Москва, Аџьынџьтәылатә еибашьар ду аан Аиааира 75-шықәса ахыҵра иазкыз ауснагӡатәқәа раан иааркьаҿны аицәажәара рыман Владимир Путини иареи. Убасҟан иара ааԥхьара ҟаиҵеит абаҟа аартра далахәхарц азы.

Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аан иҭахаз авиаторцәа рбаҟа Аҟәа иқәыргылан рашәара 15 рзы. Аартра азыԥхьагәаҭоуп ԥхынгәы 24 рзы.
Аԥсны ахада иҳәеит  ԥхьаҟазы дшақәгәыӷуа урыстәылатәи иколлегеи иареи инарҭбаау реиԥылара.

"Сара ишыжәдыруеиԥш суаҩ ҿыцуп. Аизыҟазаашьақәа рышьақәыргылара апроцесс мҩаԥысуеит", - ҳәа иҳәеит Бжьаниа.

Иара иазгәеиҭеит аинырра бзиа шрымоу  Дмитри Козаки егьырҭ аицусура иалахәу аусҳәарҭақәа рхадацәеи иареи.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: