Бжьаниа Аԥсни Қырҭтәылеи реизыҟазаашьаз: аҭынчра ҳҭахуп, аха агрессиа аҿагыларагь ҳазхиоуп

Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа амаҵзура "Интерфакс еиҿнакааз ипресс-конференциа мҩаԥысит ԥхынгәы 3 рзы онлаин режим ала.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 3 - Sputnik. Аԥсны аҭынчра иазгәышьуеит, аха иара арбџьармчқәа азыхианы иҟазароуп Қырҭтәыла аганахь ала агрессиа аԥырҟәҟәаара ҳәа иҳәеит Аслан Бжьаниа ажурналистцәа рызҵаара аҭак ҟаҵо.

"Ҳара иарбанызаалак еиҿагыларак, еимакык ахы акындаз ҳәа ҳаҟам, аха ҳарбџьар мчқәа агрессиа аҿагылара иазыхианы иҟазароуп.  Урыстәыла арратә мчрақәеи ҳареи ҳаинырра уаҵәтәи амш шәараҭара аланы ҳамыхәаԥшуа аҟалара алнаршоит", - ҳәа иҳәеит иара.

Абри атема иацҵо Бжьаниа иазгәеиҭеит Аԥсны Қырҭтәыла аганахь ала аизыҟазаашьа маншәалақәа ринтерес шамоу, аха апроблема ахьыҟоу араҟа шакәым.

Аполитолог: Қырҭтәыла аҵәылаҵара иаҟәыҵӡом, аха еибашьра дук ҟарҵоит ҳәа исызхаҵом

"Ҳара иазхаҳҵоит Қырҭтәыла аҳәынҭқарра, иара азинқәа. Иазхарымҵо ҳара ҳауп. Исзеилкаауам абри аҩыза аполитика ҳахькылнагаша. Сгәы иаанагоит иконструктивым политикоуп ҳәа", - иҳәеит ареспублика ахада.

Қырҭтәыла иҵакырацәоу азнеишьақәа шьақәзырӷәӷәо ҿырԥштәны Бжьаниа иааигеит Қырҭтәыла аиҳабыра аус здырулаз адокумент "Шаг к лучшему будущему" апреамбула. Уаҟа иҳәоуп Қырҭтәыла аҿиаразы реиҳа хра зманы иҟоу аҭынчроуп ҳәа.

Бжьаниа иҳәеит асеиԥш азнеишьа дшадгылаҩу, аха ишизеилымкаауа Қырҭтәыла убри аан амчра ахамырхәаразы аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра изақәшаҳаҭым.

"Абри апункт шынагӡахалак зегь маншәалахоит. Ҳара иаҳҳәом ҳазхашәымҵар ҟалом ҳәа, аха амчра ахамырхәаразы аиқәшаҳаҭра адаиалог алшара ҟанаҵоит", - ҳәа иҳәеит Аслан Бжьаниа.

Иагьациҵеит: "Қырҭтәыла анапхгара аҭынчра рҭахызар, абри амҩала иныҟәароуп" ҳәа.