22-ҩык ҳтәылауаа авирус амазааразы рхы гәарҭеит

Агәабзиарахьчараз Адунеизегьтәи аиҿкаара адыррақәа рыла, адунеи аҿы акоронавирус COVID-19 рыман иԥхьаӡоуп 11 миллионҩык, 6 миллионҩык ргәабзиара шьақәгылеит, 540 нызқьҩык инарзынаԥшуа рыԥсҭазаара иалҵит.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 7 - Sputnik. Иаҳхысыз уахыки-ҽнаки рыла Аԥсны 22-ҩык акоронавирустә инфекциа амазааразы рхы гәарҭеит ҳәа аанацҳауеит Ауааԥсыра акоронавирус рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.

"Ииасыз уахыки-ҽнаки рыла акоронавирустә инфекциа агәаҭаразы абиоматериал арҭеит 22-ҩык атәылауаа. Аӡәгьы COVID-19 идбалам", - аҳәоит адырраҭараҿы.

Аԥсны иахьаҵанакуа иахьазы акоронавирус 38-ҩык ирыдбалоуп. Ҩыџьа Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭа иҭоуп, 35-ҩык ргәы бзиахеит, аӡәы лыԥсҭазаара далҵит.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>