Арадио

Актиор Малиа ақәыргыламҭа "Цилиндр" аҟны инаигӡо ахаҿсахьазы: зынӡаск исзааигәаӡам

Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр актиор Адгәыр Малиа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит ақәыргыламҭа ҿыц "Цилиндр" аҟны хаҿсахьас инаигӡо атәы.
Sputnik

Ԥхынгәы 7-8 рзы Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр аҟны Едуардо де Филиппо икомедиа "Цилиндр" аԥхьарбара ҟалоит. Аспектакль ықәиргылеит арежиссиор ҿа Бенар Ақаҩба.

 

"Зхаҿсахьа насыгӡо Аттилио Самуель ихьӡуп, исазҵаалоит абри ахаҿсахьа шәзааигәоума ҳәа, зынӡаск исзааигәаӡам. Ари ибеиоу уаҩуп, аԥсҭазаараҟны ауадаҩрақәа рацәаны дрықәшәахьеит, иԥшәма диԥхахьеит. Амамзаара иахҟьаны ҭаацәарак амал шдырҳаша рхәыцит, убарҭ дрықәшәеит иара, аха еиликааит изҿыз аус, зегьы ааихәеит. Едуардо де Филиппо ипиеса иахьатәи аамҭа иақәҿнаҭуеит. Аҭагылазаашьа иагьа ицәгьазаргьы, агыгшәыгра аҟынӡа ухы наумгароуп, ауаҩы дышуаҩу даанхозароуп. Иҳамдыруеи иахьатәи ҳҭагылазаашьаҟны ԥыҭҩык рхымҩаԥгашьа зеиԥшроу, ианаамҭоу иқәыргылоуп. Ҳахәаԥшҩы ҳахә ишьап ари атрагикомедиа данахәаԥшлак, ԥыҭҩыкгьы аахәыцып, рхымҩаԥгашьа иацклаԥшып ҳәа ҳгәы иаанагоит", - иҳәеит Малиа.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: