АҞӘА, ԥхынгәы 8 - Sputnik. 2020 шықәса аԥхьатәи азбжазы ареспублика атауареикәыршара 11 миллиарди 691 нызқьи мааҭ шьақәнаргылеит ҳәа аҳәоит Аԥсны Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы аҳасабырба.
2019 шықәса абри аамҭазы атауареикәыршара иартәеит 11 миллиарди 698 миллиони мааҭ.
2020 шықәсазы рацәак идумзаргьы аимпорт 2019 шықәсазтәи арбага еиҳахеит - 8 миллиардки 702 миллиони мааҭ рыла ( 2019 шықәсазы – 8 миллиардки 509 миллионки мааҭ рыла).
Аекспорт акәзар еиҳа илаҟәит: 2020 шықәсазы – 2 миллиардк мааҭ (2019 шықәсазы – 3 миллиардки 189 миллиони мааҭ).
Аиҳарак аекспорт ахь ицо тауаруп арыжәтәаалыҵ – 52%. Аԥсыӡаалыҵ аҩбатәи аҭыԥ ннакылоит – 31%. 6-процентк – аҵиаалыҵ, 2-процентк – аметаллқәа, процентк – амҿи амҿлыхи.
2020 шықәса аԥхьатәи ашықәсбжаан ареспублика аиҳарак аимпорт ҳәа иҟаз афатәаалыҵ ауп (31%).
Егьырҭ апозициақәа рыла аимпорт аилазаара:
- амашьынақәа, атранспорттә хархәагақәа - 23%
- аминерал аалыҵқәа- 16%
- ахимиатә ааглыхра аалыҵ- 11%
- егьырҭ атауарқәа - 6%
- аҭаҭын аалыҵ, амҿлыхи ақьаадлыхи, аметаллқәеи урҭ раалыҵқәеи - 4%
- аба, абалых, ашьапымаҭәа - 1%.
Аилак иара убасгьы иӡырнагоит аимпорт ахьынтәаагоу атәылақәа:
- Урыстәыла – 67 %
- Иапониа – 11 %
- Молдова – 6 %
- Ҭырқәтәыла – 4 %
- Италиа – 2 %
- Ермантәыла – 1 %
- Китаи – 1 %.
Аекспорт аганахь алагьы Урыстәыла аԥхьа игылоуп (67%), анаҩс – Ҭырқәтәыла – 32%, егьырҭ атәылақәа – 1 %.
Убри аан 64% атауареикәыршара мҩаԥган автомобилтә транспорт ала, 25% - еихамҩала, амшын транспорт ала – 11%.
2020 шықәса аԥхьатәи ашықәсбжаан 11 913 ҳазалхратә декларациа еиҿкаан (2019 шықәса рзы – 13 407 декларациа).
Аилак адыррала, абиуџьет иалагалаз реиҳара ахәԥсацҵаз ашәахтә акәын – 370 миллион мааҭ, нас ашәахтәқәа – 217 миллион мааҭ, аизгақәа – 121 миллион мааҭ. Акцизтә шәахтәқәа ишьақәдыртәеит 90 миллион мааҭ. Егьырҭ ашәарақәа – 17 миллион мааҭ.