АҞӘА, ԥхынгәы 8 – Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Аԥсны Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аҿаԥхьа ззин ыҟамыз амитинг еиҿкаан Ҭенгьиз Лакербаиа аамҭалатәи аанкыларҭаҿ иҟазаара инадҳәаланы. Абри атәы Sputnik акорреспондент илзеиҭеиҳәеит Аԥсны ААР аминистр Дмитри Дбар.
Иара иажәақәа рыла, Аԥсны Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аҿаԥхьа 30-ҩык рҟынӡа ауаа еизеит.
"Ауаа реизара ҵаҵӷәыс иаман Тенгулиаш ҳәа хьыӡ ҷыданы измоу Ҭенгьиз Лакербаиа иаанкылара аҭагылазаашьа. Дара ақәшаҳаҭым егьырҭ абаандаҩцәа реиԥш дахьҭаку. Амитинг азин ҟаҵамызт", - ҳәа иҳәеит иара.
Амилициа аусзуҩцәа еизаз рахь аҳәара ҟарҵеит еимпырц азы, аха дара уи иахымхәыцит.
"Абри ашьҭахь амитинг аԥшьгаҩцәа аанаҳкылеит. Урҭ уажәы ИВС аҿы иҭакуп. 10-15-ҩык рҟынӡа ыҟоуп. Аминистрра ахыбра аԥхьа аӡәгьы дыҟам", - иҳәеит Дбар.
Аԥсны ААР аминистр Дмитри Дбар иазгәеиҭеит иаанкылоу рыхәҭа ишақәыршәахо.
Апрокурор хада инапынҵала, 2020 шықәса хәажәкыра 7 рзы Ҭенгьиз Лакербаиа, Тенгулиаш ҳәа хьыӡшьарас измоу, ахара идҵан аӷьычразы, анаркотикқәа рыҵәахразы, закәаншьаҭада абџьар аҵәахреи, аныҟәгареи, амҩангареи рзы. Убри аан иара ихара ихыхын "ахыбра иҩналаны аӷьычра" аҟынтә.
Аҟәа ақалақь аӡбарҭа Ҭенгьиз Лакербаиа иааидкыланы ԥшьышықәсеи бжаки иқәырҵеит аҳәынҭқарра ахьӡала ахараԥса 50 000 мааҭ ацҵаны.